Аӡынԥҳа: ахшара рацәа змоу аҭаацәара аԥҵара аидеиа милаҭтәны иҟалароуп
09:59 15.09.2026 (ирҿыцуп: 11:11 15.09.2026)

© Sputnik / Леон Адлейба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 15 — Sputnik. Ахшара рацәа змоу аҭаацәара аԥҵара аидеиа милаҭтәны иҟалароуп ҳәа лыԥхьаӡоит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Кама Аӡынԥҳа.
Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны аира ҩынтә еиҵахеит, аиҳаракгьы ақыҭақәа рҿы ҳәа азгәалҭеит лара.
"Аматериалтә лагалақәа рымацара азхом. Ауаажәларраҿы ишьақәыргылатәуп адемографиатә ҭагылазаашьа еиӷьымхакәа аҳәынҭқарра аҿиара шзалымшо аилкаара", — лҳәеит аминистр, "Урыстәылатәи агазеҭ" аинтервиу аҭо.
Апрограмма "Адемографиа аҿиара" инақәыршәаны 2026 шықәсазы ахәыҷы ииразы иршәоит:
▪актәии аҩбатәии рзы — 100 нызқь;
▪ахԥатәии аԥшьбатәии рзы— 200 нызқь;
▪ахәбатәии уи ишьҭанеиуеи рзы —300 нызқь.
Апрограммазы зынӡа иазгәаҭоуп 158 млн мааҭ.
Аминистр иазгәалҭеит аҳәынҭқарра ахада иаԥшьгарала, 2027 шықәса инаркны альготақәа роуразы даҽа категориак — "Аҭаацәара қәыԥш" ацҵара шазгәаҭоу.
Убри аан, Аӡынԥҳа лажәақәа рыла, аҭаацәарақәа рыцхыраара еиҳаны аизырҳара адагьы, ауаажәларра ахшарарацәара ишырзыҟоу ԥсахтәуп.