Аԥснытәи аԥшааҩцәа Жәларбжьаратәи аԥшааратә експедициа иалахәын
10:42 16.09.2026 (ирҿыцуп: 10:53 16.09.2026)

© Sputnik / Сергей Аверин
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 16 — Sputnik. Аԥснытәи аԥшааҩцәа Жәларбжьаратәи аԥшааратә експедициа "Ржев.Калининтәи афронт-2026" иалахәын.
Аекспедициа мҩаԥысит цәыббра 4-13 рзы Твертәи аобласт аҿы.
Сынтәа уи иалахәын 35 тәыла рҟынтәи аделегациақәа, 200-ҩык инареиҳаны.
Аиҿкаара "Аԥсныԥшаара" анапхгаҩы Николаи Медвенски иажәақәа рыла, аекспедициа амҩаԥгараан ирыԥшааит 405-ҩык асовет еибашьцәеи акомандаҟаҵаҩцәеи рыԥсыбаҩқәа.
Иԥшаан аа-медалионк, ԥшьба роуп зҵакы аилкаара алшаз.
Аԥшааҩцәа дҵас ирымоу иҭахаз рхаҭарақәа рышьақәыргылара адагьы, иахәҭоу арратә ҳаҭырқәҵарақәа рыманы, аҳаҭыртә ҟарул ықәыргылан, аҵыхәтәантәи асалиут ҭырҟьаны анышә рамадароуп.
"Ржев.Калининтәи афронт-2026" — Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз асовет еибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы есышықәса шәҩыла аԥшааҩцәа еизызго арра-ҭоурыхтә ԥшааратә експедициа дууп.