"Ҳаззыԥшыз зегь нагӡоуп": АЖәР алахәылацәа рыхҳәаа
09:55 17.09.2026 (ирҿыцуп: 10:17 17.09.2026)

© Sputnik / Кирилл Зыков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. Аԥснытәи Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль алахәылацәа Рашида Ашәԥҳаи Камила Кокбеи Екатеринбургҟа рцара атәы еиҭарҳәеит.
"Аиаша уҳәозар, ҳара ҳгәаанагарақәеи афестиваль шыҟаҵәҟьази зынӡа еиԥшым. Акырӡа еиӷьуп, акырӡа илашоуп. Зегьы даара гәык-ԥсык ала, иҵоураны имҩасит. Зегьы рхықәкқәа, рыгәҭакқәа рымоуп — ҳаизыҟазаашьақәа реиӷьтәра. Ҳара ҳардыруеит, зегьы бзиа ҳарбоит, ҳаргьы зегьы бзиа иаҳбоит. Зегьы ааԥхьара раҳҭоит Аԥсныҟа, даргьы дара рахь ааԥхьара ҳарҭоит", — лҳәеит Камила Кокба.