https://sputnik-abkhazia.info/20260917/1065697632.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
33 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәыларақәа мҩаԥысуан.Цәыббра 17 рзы — аԥсуа ар ақалақь агәахьы узгоз, астратегиатә ҵакы змаз... 17.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-17T13:01+0300
2026-09-17T13:01+0300
2026-09-17T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/11/1065697466_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_6c4678d9c1c3c9eadb44bd41b7faa1a0.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
33 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәыларақәа мҩаԥысуан.Цәыббра 17 рзы — аԥсуа ар ақалақь агәахьы узгоз, астратегиатә ҵакы змаз амҩақәа рахь икылсит, иагьыркит. Аԥсуаа рнапаҿы иааргеит аҳаракырақәа — Шрома, Каман, Цугуровка, Ахалшени уҳәа егьырҭгьы.Цәыббрамзатәи аоперациа амотохысратә бригадақәа ҩба, актәи агәыԥ ишиашоу Гәымсҭа аӡиас ала иааиуан, аплацдарм нкыланы. Ажәылара иалахәын хә-баталионк злахәыз аҩбатәи абригада архәҭа, баталионцыԥхьаӡа 300-ҩык алан, насгьы Гагратәи агарнизон аҟынтә ҩ-баталионк. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иалахәын арезервтә полкгьы, абасала гәымсҭатәи ахырхарҭала иааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аибашьцәа рҽеизыргеит.Аҟәа ахақәиҭтәратә операциа напхгара арҭон Султан Сосналиеви Сергеи Дбари.
Аҳәынҭқарратә программақәа рыла иоурыжьуа аԥара аматериалтә цхыраара акәымкәа хықәкылатәи аныхрахь ицалароуп иҳәеит Бадра Гәынба атәыла ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы. Иара иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа анапынҵақәа шрырҭахьоу имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара рыҭараз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ирзоужьу аԥарақәа рхархәара амҩаԥысшьа агәаҭара еиҿыркаарц. " Иара атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит абиуџьеттә ԥарақәа ламысцқьала рхы иадырхәаларц, урҭ хықәкыс ирымоу арҿиара, аԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара шакәу азгәаиҭеит.
Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы ӡыла ауааԥсыра реиқәыршәара аиԥҟьара зыдҳәалоу аӡымҩангагатә цәаҳәа ҿыц ашьҭаҵара ауп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аӡыршьҭра" аиҳабы Даур Паҷкориа.Иара иажәақәа рыла, аӡы ааныркылеит цәыббра 16 ахәылбыҽха.Уажәы аҭыԥ аҿы аспециалистцәа аус руеит. Аҩнқәа рыхәҭак ӡыла реиқәыршәара еиҭашьақәыргылоуп. Аҳабла ҿыц аҩбатәи аикәшараҿ инхо ауааԥсыра хара имгакәа аӡы рыҭахоит.
Аҟәа ақалақь ашколқәа фактла ирыдыркылар рылшо аҵаҩцәа рхыԥхьаӡареи ирыдыркылои еиқәшәаӡом, арҭ аилагарақәа рымҩа ҳаныҵроуп лҳәеит Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥысуа апресс-конференциа аҟны. "Аҳҭнықалақь еицырдыруа ашколқәа, еиҳарак аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу — 42-ҩы, 38, 36-ҩык аҵаҩцәа ахьышьақәгылахьаз аклассқәа, сынтәа иҳалшеит 26, 28, иреиҳау 30-ҩык класск аҿы рааныжьра", — лҳәеит аминистр.
Сынтәа Аԥснытәи ашколқәа рҿы 4-тәи, 6-тәи, 7-тәи аклассқәа рҿы аԥсуа бызшәазы аԥышәарақәа арҵаратә процесс иалагалахоит лҳәеит Аԥсны Аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамԥҳа, апресс-конференциа аҟны.Лара лажәақәа рыла, ари аӡбамҭа изықәнагоу аспециалистцәеи аметодистцәеи адгаланы ирыдыркылеит. "Аӡбамҭа ахатәы бызшәа азы аҵаҩцәа рдыррақәа арӷәӷәара, еиҳа хылаԥшра аҭара иазынархоуп", — лҳәеит Шамԥҳа.
33 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәыларақәа мҩаԥысуан.Цәыббра 17 рзы — аԥсуа ар ақалақь агәахьы узгоз, астратегиатә ҵакы змаз амҩақәа рахь икылсит, иагьыркит. Аԥсуаа рнапаҿы иааргеит аҳаракырақәа — Шрома, Каман, Цугуровка, Ахалшени уҳәа егьырҭгьы.Цәыббрамзатәи аоперациа амотохысратә бригадақәа ҩба, актәи агәыԥ ишиашоу Гәымсҭа аӡиас ала иааиуан, аплацдарм нкыланы. Ажәылара иалахәын хә-баталионк злахәыз аҩбатәи абригада архәҭа, баталионцыԥхьаӡа 300-ҩык алан, насгьы Гагратәи агарнизон аҟынтә ҩ-баталионк. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иалахәын арезервтә полкгьы, абасала гәымсҭатәи ахырхарҭала иааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аибашьцәа рҽеизыргеит.Аҟәа ахақәиҭтәратә операциа напхгара арҭон Султан Сосналиеви Сергеи Дбари. Аҳәынҭқарратә программақәа рыла иоурыжьуа аԥара аматериалтә цхыраара акәымкәа хықәкылатәи аныхрахь ицалароуп иҳәеит Бадра Гәынба атәыла ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы. Иара иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа анапынҵақәа шрырҭахьоу имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара рыҭараз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ирзоужьу аԥарақәа рхархәара амҩаԥысшьа агәаҭара еиҿыркаарц. " Иара атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит абиуџьеттә ԥарақәа ламысцқьала рхы иадырхәаларц, урҭ хықәкыс ирымоу арҿиара, аԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара шакәу азгәаиҭеит.Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы ӡыла ауааԥсыра реиқәыршәара аиԥҟьара зыдҳәалоу аӡымҩангагатә цәаҳәа ҿыц ашьҭаҵара ауп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аӡыршьҭра" аиҳабы Даур Паҷкориа.Иара иажәақәа рыла, аӡы ааныркылеит цәыббра 16 ахәылбыҽха.Уажәы аҭыԥ аҿы аспециалистцәа аус руеит. Аҩнқәа рыхәҭак ӡыла реиқәыршәара еиҭашьақәыргылоуп. Аҳабла ҿыц аҩбатәи аикәшараҿ инхо ауааԥсыра хара имгакәа аӡы рыҭахоит.Аҟәа ақалақь ашколқәа фактла ирыдыркылар рылшо аҵаҩцәа рхыԥхьаӡареи ирыдыркылои еиқәшәаӡом, арҭ аилагарақәа рымҩа ҳаныҵроуп лҳәеит Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥысуа апресс-конференциа аҟны. "Аҳҭнықалақь еицырдыруа ашколқәа, еиҳарак аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу — 42-ҩы, 38, 36-ҩык аҵаҩцәа ахьышьақәгылахьаз аклассқәа, сынтәа иҳалшеит 26, 28, иреиҳау 30-ҩык класск аҿы рааныжьра", — лҳәеит аминистр.Сынтәа Аԥснытәи ашколқәа рҿы 4-тәи, 6-тәи, 7-тәи аклассқәа рҿы аԥсуа бызшәазы аԥышәарақәа арҵаратә процесс иалагалахоит лҳәеит Аԥсны Аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамԥҳа, апресс-конференциа аҟны.Лара лажәақәа рыла, ари аӡбамҭа изықәнагоу аспециалистцәеи аметодистцәеи адгаланы ирыдыркылеит. "Аӡбамҭа ахатәы бызшәа азы аҵаҩцәа рдыррақәа арӷәӷәара, еиҳа хылаԥшра аҭара иазынархоуп", — лҳәеит Шамԥҳа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/11/1065697466_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_360a2141e820cc6cff99e0652948cacf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио