https://sputnik-abkhazia.info/20260920/1065780833.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп Аԥсны.Алхырҭатә ҭыԥқәа 50 аусура иалагеит асааҭ 08:00 рзы.Иара убас анҭыҵтәи... 20.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-20T13:01+0300
2026-09-20T13:01+0300
2026-09-20T13:51+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/14/1065780667_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_20044a62f16a964b83a50cfdb7531345.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп Аԥсны.Алхырҭатә ҭыԥқәа 50 аусура иалагеит асааҭ 08:00 рзы.Иара убас анҭыҵтәи абжьыҭирагьы еиҿкаауп.Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡо иаку абжьыҭира амш хымш имҩаԥысуеит — цәыббра 18-20 рҟынӡа. Аԥсны алхрақәа мышкы ауп ианымҩаԥысуа — цәыббра 20. Урҭ еиҿнакааит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Урыстәыла алхратә комиссиа хадеи.Ареспубликаҿы алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы асааҭ 20:00 рҟынӡа иаартызаауеит. 18 шықәса зхыҵхьоу, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, мамзаргьы сасра иааз Урыстәыла атәылауааи, иара убас Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыреи адепутатрахь акандидатцәа рзы рыбжьы рҭиир рылшоит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа рҿы рыбжьы арҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны инеиԥынкыланы адгылара азҭо, уи аҳәынҭқарратә суверенитет арӷәӷәареи, асоциал-економикатә ҿиареи, Аԥсны жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи иацхраауа аполитикатә мчқәа рыбжьы шрырҭаз.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит.Ацҳаражәҳәаҩи иԥшәмаԥҳәыси рыбжьы арҭеит Аҟәа, Амилаҭтә библиотекаҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿыУрыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара зеиԥш ҟамлац ауп, егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирҿырԥшны ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Sputnik апресс-центр аҿы. "Сара даара саргәырӷьеит раԥхьа ҳахьгылам, ҳахьыҩбам. Ҳандәылҵгьы, даҽа аӡәык-ҩыџьак ҳԥылеит, урҭ рыбжьы аҭара иахыццакуан", — иҳәеит Гладков
Аԥсны имҩаԥысуа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан анҭыҵтәи абжьыҭиразы аурнақәа шәкы рхы иадырхәоит иҳәеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Sputnik апресс-центр аҿы."Урҭ хаз игоу асасааирҭақәа рахь, урыстәылатәи атуристцәа еизакны иахьынхо аҭыԥқәа рахь, алхырҭатә ҭыԥқәа ахьаартым, аха хыԥхьаӡара рацәала ауаа ахьынхо, иара убас ихароу ақыҭақәа рахь иргалоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Аԥсны аҵакыраҟны абжьыҭиразы 100 нызқь рҟынӡа биуллетен рхиан ҳәа азгәеиҭеит Гладков.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рҟны рыбжьы арҭеит 13нызқь -ҩык инарзынаԥшуа асааҭ 12:00 рызтәи адыррақәа рыла ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа.Заанаҵтәи абжьыҭира адыррақәеи 50 ҭыԥ зегьы рҟынтәи еизаку адыррақәеи ҳасаб рзыруеит.Алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҿы. Дара аус руеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Зықәра наӡахьоу урыстәылауаа абжьыҭиразы ирҭахуп атәылауаҩшәҟәы.
Урыстәыла шаҟа иманшәалахо, шаҟа русқәа ҽеихо, рдемократиа шаҟа ишьҭыҵуа, адунеи аҟны аҭышәынтәалара шаҟа иҟало аҟара — ҳара ҳҟынгьы ибзиахоит ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент уаанӡатәи аиҳабы Нугзар Ашәба."Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ус иҳәалон: "Урыстәыла ԥша хәыҷык анаслак — ҳара ҳҟны идыдуеит" ҳәа, уи ус ауп ишыҟаҵәҟьоу. Ҳара ҳҟны идыдыр ҳҭахӡам. Иахьатәи амш ала ҳахәаԥшуазар, дара аурысқәа иуадаҩу аҭагылазаашьа ианҭагылоу аамҭазы, ҳара ҳҟны иҭынчроуп. Ҳаҷкәынцәа аибашьра иалахәуп, аха, ара Аԥсны хьчоуп, иҭынчроуп", — иҳәеит Ашәба.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп Аԥсны.Алхырҭатә ҭыԥқәа 50 аусура иалагеит асааҭ 08:00 рзы.Иара убас анҭыҵтәи абжьыҭирагьы еиҿкаауп.Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡо иаку абжьыҭира амш хымш имҩаԥысуеит — цәыббра 18-20 рҟынӡа. Аԥсны алхрақәа мышкы ауп ианымҩаԥысуа — цәыббра 20. Урҭ еиҿнакааит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Урыстәыла алхратә комиссиа хадеи.Ареспубликаҿы алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы асааҭ 20:00 рҟынӡа иаартызаауеит. 18 шықәса зхыҵхьоу, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, мамзаргьы сасра иааз Урыстәыла атәылауааи, иара убас Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыреи адепутатрахь акандидатцәа рзы рыбжьы рҭиир рылшоит. Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа рҿы рыбжьы арҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны инеиԥынкыланы адгылара азҭо, уи аҳәынҭқарратә суверенитет арӷәӷәареи, асоциал-економикатә ҿиареи, Аԥсны жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи иацхраауа аполитикатә мчқәа рыбжьы шрырҭаз. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит.Ацҳаражәҳәаҩи иԥшәмаԥҳәыси рыбжьы арҭеит Аҟәа, Амилаҭтә библиотекаҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿыУрыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара зеиԥш ҟамлац ауп, егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирҿырԥшны ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Sputnik апресс-центр аҿы. "Сара даара саргәырӷьеит раԥхьа ҳахьгылам, ҳахьыҩбам. Ҳандәылҵгьы, даҽа аӡәык-ҩыџьак ҳԥылеит, урҭ рыбжьы аҭара иахыццакуан", — иҳәеит Гладков Аԥсны имҩаԥысуа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан анҭыҵтәи абжьыҭиразы аурнақәа шәкы рхы иадырхәоит иҳәеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Sputnik апресс-центр аҿы."Урҭ хаз игоу асасааирҭақәа рахь, урыстәылатәи атуристцәа еизакны иахьынхо аҭыԥқәа рахь, алхырҭатә ҭыԥқәа ахьаартым, аха хыԥхьаӡара рацәала ауаа ахьынхо, иара убас ихароу ақыҭақәа рахь иргалоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Аԥсны аҵакыраҟны абжьыҭиразы 100 нызқь рҟынӡа биуллетен рхиан ҳәа азгәеиҭеит Гладков. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рҟны рыбжьы арҭеит 13нызқь -ҩык инарзынаԥшуа асааҭ 12:00 рызтәи адыррақәа рыла ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа.Заанаҵтәи абжьыҭира адыррақәеи 50 ҭыԥ зегьы рҟынтәи еизаку адыррақәеи ҳасаб рзыруеит.Алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҿы. Дара аус руеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Зықәра наӡахьоу урыстәылауаа абжьыҭиразы ирҭахуп атәылауаҩшәҟәы. Урыстәыла шаҟа иманшәалахо, шаҟа русқәа ҽеихо, рдемократиа шаҟа ишьҭыҵуа, адунеи аҟны аҭышәынтәалара шаҟа иҟало аҟара — ҳара ҳҟынгьы ибзиахоит ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент уаанӡатәи аиҳабы Нугзар Ашәба."Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ус иҳәалон: "Урыстәыла ԥша хәыҷык анаслак — ҳара ҳҟны идыдуеит" ҳәа, уи ус ауп ишыҟаҵәҟьоу. Ҳара ҳҟны идыдыр ҳҭахӡам. Иахьатәи амш ала ҳахәаԥшуазар, дара аурысқәа иуадаҩу аҭагылазаашьа ианҭагылоу аамҭазы, ҳара ҳҟны иҭынчроуп. Ҳаҷкәынцәа аибашьра иалахәуп, аха, ара Аԥсны хьчоуп, иҭынчроуп", — иҳәеит Ашәба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/14/1065780667_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_3a8c806e3f9f2e690fab7f7b47cbbf9e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио