https://sputnik-abkhazia.info/20260920/1065781610.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан ибжьы аиҭеит.Иара ибжьы аиҭеит аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иаарту... 20.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-20T13:30+0300
2026-09-20T13:30+0300
2026-09-20T13:51+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/14/1065781444_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_3da191030b758f33d51eabe0a64f577c.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан ибжьы аиҭеит.Иара ибжьы аиҭеит аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иаарту алхырҭатә ҭыԥ аҟны. Иара Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, агәалаҟазаара бзиа иманы алхрақәа рахь днеит. Убасгьы Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба алхырҭатә ҭыԥ №8006 аҿы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа рзы ибжьы аиҭеит
2008 шықәсазы Аҳәынҭқарратә Дума ауп Урыстәыла ахада Аԥсны ахьыԥшымра азхеиҵарц идызгалаз иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба.Уи ашьҭахь адепутатцәа атәыла асоциал-економикатә ҿиара иацхрааз аиқәшаҳаҭрақәа рышьықәырӷәӷәаразы аӡбамҭақәа рыдыркылон ҳәа азгәеиҭеит иара."Сара, ҷыдала иазгәасҭар сҭахын, Аҳәынҭқарратә Дума иаднакыло азакәанқәа — ҳреспублика аҿиашьа ишадҳәалоу", — ҳәа азгәеиҭеит Делба."Афинанстә цхыраара ашколқәа реиҭашьақәыргылара, ахәыҷбаҳчақәа рыргылара, аинфраструктура аиӷьтәра рҿы иҳацхрааит. Иахьатәи аамҭазгьы урҭ аусқәа ирыцҵоуп", — ҳәа дазааҭгылеит аԥыза министр
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсны иадгылон аамҭа хьанҭақәа раан ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Леонид Лакербаиа, Sputnik апресс-центр аҿы.Иара игәалаиршәеит 1992 шықәсазы АҳәынҭДума ақырҭуа ар ареспублика аҵакыраҟынтәи ралгара шаҭахыз, 1996 шықәсазы ИАР иалахәу атәылақәа ирықәырҵаз асанкциақәа ишрықәыӡбаз, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада иахь аҳәара шыҟанаҵаз Аԥсны ахьыԥшымра азхеиҵарц."Насгьы, иахьатәи аҭагылазаашьа ҳалацәажәозар, Аԥсны аҿиара — Аҳәынҭқарратә Дума иадҳәалоуп. Ари асоциал-економикатә ҿиарагьы ауп, уи — ҳтәанчахәқәа, иара убас ҳкультуреи, ҳгәабзиарахьчареи, ҳҵареи русзуҩцәа аԥаратә шәарацҵақәа рзоужьра уҳәа", — азгәеиҭеит иара.
Ауаа активла рхы аладырхуеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ҳәа азгәеиҭеит Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба. "Алхырҭатә ҭыԥқәа шамахамзар зегьы ҳрылсит .Иаҳбоит ауаа ааиуеит, рыбжьы рҭиуеит. Аԥсны абжьы урыстәылазы акраҵанакуеит аҟнытә, ауаа ҭакԥхықәрала ари азҵаара иазнеит", — иҳәеит иара.Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа иалахәхо рхыԥхьаӡара рацәахоит ҳәа агәра згоит иҳәеит Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын."Шьыжьнаҵы иааиуа ауаа рхыԥхьаӡара рацәоуп, шьыбжьышьҭахгьы -ауаа шырацәахо агәра згоит", — иҳәеит Аргәын
Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа Аԥсны алахәхарала — ҳара ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра лаҳарҟәӡом. Ҳара стратегиала иаҳҩызоу аҳәынҭқарра ҳацхраауеит ҳәа иԥхьаӡоит Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Жәлар рымч" ахантәаҩы Ҭемыр Надараиа. "Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа Аԥсны алахәхара, уи Урыстәыла ацхрааразы имаҷӡоу ҳлагалоуп. Урыстәыла ӷәӷәахар — иӷәӷәахоит Аԥсны", — иҳәеит иара.
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан ибжьы аиҭеит.Иара ибжьы аиҭеит аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иаарту алхырҭатә ҭыԥ аҟны. Иара Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, агәалаҟазаара бзиа иманы алхрақәа рахь днеит. Убасгьы Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба алхырҭатә ҭыԥ №8006 аҿы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа рзы ибжьы аиҭеит 2008 шықәсазы Аҳәынҭқарратә Дума ауп Урыстәыла ахада Аԥсны ахьыԥшымра азхеиҵарц идызгалаз иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба.Уи ашьҭахь адепутатцәа атәыла асоциал-економикатә ҿиара иацхрааз аиқәшаҳаҭрақәа рышьықәырӷәӷәаразы аӡбамҭақәа рыдыркылон ҳәа азгәеиҭеит иара."Сара, ҷыдала иазгәасҭар сҭахын, Аҳәынҭқарратә Дума иаднакыло азакәанқәа — ҳреспублика аҿиашьа ишадҳәалоу", — ҳәа азгәеиҭеит Делба."Афинанстә цхыраара ашколқәа реиҭашьақәыргылара, ахәыҷбаҳчақәа рыргылара, аинфраструктура аиӷьтәра рҿы иҳацхрааит. Иахьатәи аамҭазгьы урҭ аусқәа ирыцҵоуп", — ҳәа дазааҭгылеит аԥыза министр Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсны иадгылон аамҭа хьанҭақәа раан ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Леонид Лакербаиа, Sputnik апресс-центр аҿы.Иара игәалаиршәеит 1992 шықәсазы АҳәынҭДума ақырҭуа ар ареспублика аҵакыраҟынтәи ралгара шаҭахыз, 1996 шықәсазы ИАР иалахәу атәылақәа ирықәырҵаз асанкциақәа ишрықәыӡбаз, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада иахь аҳәара шыҟанаҵаз Аԥсны ахьыԥшымра азхеиҵарц."Насгьы, иахьатәи аҭагылазаашьа ҳалацәажәозар, Аԥсны аҿиара — Аҳәынҭқарратә Дума иадҳәалоуп. Ари асоциал-економикатә ҿиарагьы ауп, уи — ҳтәанчахәқәа, иара убас ҳкультуреи, ҳгәабзиарахьчареи, ҳҵареи русзуҩцәа аԥаратә шәарацҵақәа рзоужьра уҳәа", — азгәеиҭеит иара. Ауаа активла рхы аладырхуеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ҳәа азгәеиҭеит Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба. "Алхырҭатә ҭыԥқәа шамахамзар зегьы ҳрылсит .Иаҳбоит ауаа ааиуеит, рыбжьы рҭиуеит. Аԥсны абжьы урыстәылазы акраҵанакуеит аҟнытә, ауаа ҭакԥхықәрала ари азҵаара иазнеит", — иҳәеит иара.Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа иалахәхо рхыԥхьаӡара рацәахоит ҳәа агәра згоит иҳәеит Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын."Шьыжьнаҵы иааиуа ауаа рхыԥхьаӡара рацәоуп, шьыбжьышьҭахгьы -ауаа шырацәахо агәра згоит", — иҳәеит Аргәын Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа Аԥсны алахәхарала — ҳара ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра лаҳарҟәӡом. Ҳара стратегиала иаҳҩызоу аҳәынҭқарра ҳацхраауеит ҳәа иԥхьаӡоит Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Жәлар рымч" ахантәаҩы Ҭемыр Надараиа. "Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа Аԥсны алахәхара, уи Урыстәыла ацхрааразы имаҷӡоу ҳлагалоуп. Урыстәыла ӷәӷәахар — иӷәӷәахоит Аԥсны", — иҳәеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/14/1065781444_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_498196e2edaa9647546874f700bccb02.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио