Атеатртә усхк аҟны аусеицура ирылацәажәоит Санкт-Петербург еидҵоу акультурақәа Рфорум аҟны
11:23 22.09.2026 (ирҿыцуп: 11:51 22.09.2026)
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik. Атеатртә усхк аҟны аусеицуреи Аԥсны атеатртә фестиваль амҩаԥгареи ирылацәажәараны иҟоуп Санкт-Петербург имҩаԥысуа, аԥсуа делегациа злахәхо еидҵоу акультурақәа Рфорум.
Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
"Ҳәарада, ҳара азҿлымҳара ду аҳҭоит аҵаратә процесс.Ҳаргьы даара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит урыстәылатәи ҳколлегацәа, Урыстәыла акультура иадҳәалоу аҵараиурҭақәа рахь аҵаратә квотақәа рганахьала алшара дуқәа ахьыҟарҵо азы", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны акинофестивальтә хырхарҭа аҿиареи афильмқәа рҭыхразы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ргәы иҭоуп. Уи афорум аҿы ахцәажәарақәа рзы хазы теманы иҟалоит.
"Ҳара уажәы урыстәылатәи агани ҳареи ҳҿы акинофестивальқәа ҩба рымҩаԥгара ҳалацәажәоит", — ҳәа еиҭеиҳәеит Ақаҩба.
Даҽа хырхарҭак — ареспубликаҿы аҭыхрақәа рымҩаԥгара алзыршо ахатәы кино-база аԥҵара ауп. Аминистр иазгәеиҭеит уи афинанстәи аиҿкааратәи ӡбара дуқәа шаҭаху, аха ари ахырхарҭала аусура мҩаԥысхьеит.