Аҟәа ахадара Аиааира Амши аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амши разгәаҭара иалацәажәеит
13:40 22.09.2026 (ирҿыцуп: 13:53 22.09.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik. Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь ахадара апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи иареи Аиааира Амши аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амши разгәаҭара аҽырзыҟаҵара иалацәажәеит.
Цәыббра 27, 30 рзы Ахьӡ-аԥша Апарк аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.
Цәыббра 30 рзы апаради акциа "Ԥсра зқәым аполки" рлахәылацәеи Аидгылара амҩала ианысуеит.
Аспорттә, арра-патриоттә, арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа рыпрограммақәа ирылагоит цәыббра 25 инаркны, ихыркәшахоит жьҭаара 5 рзы.
Цәыббра 25 рзы ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарала Аҳабла ҿыц аҿы аконцерт еиҿыркаауеит.

