Аԥсны агаҿа ахәҭаҿы ақәаршҩы ӷәӷәа ҟалоит цәыббра 24 ашьыжь инаркны
20:45 23.09.2026 (ирҿыцуп: 21:21 23.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Аԥсны агаҿа ахәҭаҿы ақәаршҩы ӷәӷәа ҟалоит цәыббра 24 ашьыжь инаркны, аха аӡы аҵалара ашәарҭара ыҟаӡам ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳауагәаҭаҩ Асида Ахсалԥҳа.
"Еиҳа ишәарҭоу аамҭакьаҿлатәи ақәаршҩы леиуеит ашьхақәа рҿы. Ҳәарада, Аԥсны иахьаҵанакуа араионқәа рыла аус зуа астанциақәа рхыԥхьаӡара азхом аинформациа нагӡаны аҭаразы, аха исҳәар сылшоит аԥша ӷәӷәақәа ирзыԥшӡам ҳәа", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥша асра секундк ала 10 метрак рҟынӡа инаӡар алшоит, аха еиҳамкәа. Аиҳарак аҳауатә лышәшәарақәа ҟалоит атәыла мраҭашәаратәи ахәҭеи Тҟәарчали.
"Ҳастанциақәа иаҳдырбо ала, ақәаршҩы иахҟьаны араионқәа аӡы рыҵалара азԥхьагәаҳҭаӡом", — ҳәа азгәалҭеит Ахсалба.
Убри аан аҳауагәаҭаҩ илҳәеит амшын аҩаӡара 900 метра инаркны, инеиҳангьы аҳаракыраҿы иҟоу Аԥсны ашьха ӡиасқәа рҿы аӡы ашьҭыҵра ҟалар шалшо.
Аԥсны агаҿа ахәҭаҿы амш еилгоит цәыббра 25 инаркны. Аҳауа аԥхарра +20°C инаркны +23°C рҟынӡа ҽынла иазыԥшуп, уахынла +18°C рҟынӡа илаҟәуеит.
Шәачеи Сириуси ракәзар, аҳауагәаҭаҩцәа изларҳәо ала, цәыббра 23 ахәылбыҽха инаркны цәыббра 24 амш нҵәаанӡа ақәа ӷәӷәақәеи ақәаршҩи ҟалоит, адыд-мацәыс, акырцх, аԥшатлакә секундк ала 20 метра рҟынӡа аҽарӷәӷәоит.