Урыстәылатәи афонд "Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа" ахаҭарнакра Аԥсны иаатуеит
21:44 23.09.2026 (ирҿыцуп: 22:33 23.09.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Урыстәылатәи афонд "Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа" ахаҭарнакра Аԥсны иаатуеит.
Афонд ахадас дҟалоит Садыгов Ижәла, аибашьра аветеран, АОҶ аинвалид.
Афонд хықәкыс иамоуп аветеранцәа, арратә операциа ҷыда алахәылацәа, иҭахази хабарда ибжьаӡызи аибашьцәа рҭаацәара адгылара рыҭара ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

"Сара схаҭа аибашьра сахысит, издыруеит уааигәа-сигәа иуаҳауа, ацхыраара аҟаҵара иазхиоу ауаҩы даныҟоу шаҟа ихадоу. Убри аҟнытә сара сзы ари баша усурам — уи аветеранцәа рҿаԥхьа, иҭахази хабарда ибжьаӡызи рҭаацәарақәа рҿаԥхьа ҭакԥхықәроуп. Ҳара иаартны аус ааулоит, иааиԥмырҟьаӡакәа аимадара ҳамазаауеит, иҟало адҵааларақәа зегьы рзы аӡбарақәа ҳаицрышьҭалоит", — ҳәа азгәеиҭеит Садыгов.
Аибашьра аветеранцәа Рассоциациа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Денис Соломко иазгәеиҭеит "Аԥсадгьыл Ахьчаҩцәа" рхаҭарнакреи иареи рымчқәа реидкылара ишазыхиоу.
"Ҳара иаԥаҳҵароуп асистема, дарбан ветеранзаалак, иарбан ҭаацәаразаалак иахьадҵаалатәу, насгьы иахәҭоу ацхыраара ахьроуа ахьырдыруа. Иахьа Аԥсны ас еиԥш аусура ашьаҭа шьҭаҳҵоит", — ҳәа иҳәеит иара.
"Ҳара иаԥаҳҵароуп асистема, дарбан ветеранзаалак, иарбан ҭаацәаразаалак иахьадҵаалатәу, насгьы иахәҭоу ацхыраара ахьроуа ахьырдыруа. Иахьа Аԥсны ас еиԥш аусура ашьаҭа шьҭаҳҵоит", — ҳәа иҳәеит иара.