Аҳәынҭкомиссиа Аҟәа Қьалышьбеи Чачба ибаҟа аҟаҵараз аҭыԥ шьақәнаргылеит
22:29 23.09.2026 (ирҿыцуп: 00:19 24.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Аҳәынҭкомиссиа Аҟәа Қьалышьбеи Чачба ибаҟа аҟаҵараз аҭыԥ шьақәнаргылеит.
Уи Аҟәатәи абаа аҩадатәи аҭӡы 30 метра инацәыхараны идыргылоит ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.
Уи аԥхьа аҭыԥ аҿы археологиатә жрақәа мҩаԥгатәуп, урҭ реиҿкаара инапы ианҵоуп ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа.
Аилатәараҿы иара убасгьы иалацәажәеит анышәнап амемориалтә плита апроект ахаҭа. Аҟәа ахадара рнапы ианҵоуп аҟаҵареи ашьақәыргылареи рзы ахарџьқәа инҭырҳәцааны рыԥхьаӡарақәа разырхиара, апроект автор Баҭал Џьапуа ахарџьнҵа азырхиараҿы ацхыраара иҭара.