"Анап пашә зцәымӷу": адгьыл иазку ажәаԥҟақәа инадыркны аԥхыӡқәа рҟынӡа.
08:25 24.09.2026 (ирҿыцуп: 08:26 24.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
"Анап пашә зцәымӷу": адгьыл иазку ажәаԥҟақәа инадыркны аԥхыӡқәа рҟынӡа.
Ажәа "Аԥсадгьыл" ҩ-ажәак рыла ишьақәгылоуп: "аԥси" "адгьыли". Адгьыл иахьабалак идгьылуп. Аԥсадгьыл анаҳҳәа, ауаҩы иԥсы аиԥш ииԥхьаӡо, дзыхьӡыӡаауа, дахьиз, дахьааӡаз ҭыԥуп.
Ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг иеизга "Аԥсуара ашьаҭақәа" убас иԥшӡаӡа узаҩымсуа иҳәоит:
"Анцәа Адунеи аниша, ауаҩы Адгьыл аҿы дынирхеит, ахьӡгьы ахьымӡӷгьы уара иудысҵоит, унха-унҵы, уара уоуп иаԥшәымоу иҳәеит. Ашьҭахьшәоуп уи анхаҩы ҳәа ахьӡ аниоуз. Убри алоуп Адгьыл аҿы ауаатәыҩса рыҿиара ишалагаз".
Акыр збахьоу, акыр иахаану адгьыл иахҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа инадыркны аԥхыӡқәа рҟынӡа ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.