https://sputnik-abkhazia.info/20260924/1065907122.html
Ақыҭақәа рыҿиаразы акомиссиа 10 қыҭак рхадарақәа рзыҳәақәа ирыхәаԥшит
Ақыҭақәа рыҿиаразы акомиссиа 10 қыҭак рхадарақәа рзыҳәақәа ирыхәаԥшит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik. Ақыҭақәа рыҿиаразы акомиссиа ақыҭақәа афинанстә цхыраара ҳәа миллионк-миллионк мааҭ рыҭара апрограмма ралахәхаразы 10 қыҭак... 24.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-24T15:00+0300
2026-09-24T15:00+0300
2026-09-24T16:13+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/11/1063755929_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_0323f15cce0496210199f14168d84747.jpg
АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik. Ақыҭақәа рыҿиаразы акомиссиа ақыҭақәа афинанстә цхыраара ҳәа миллионк-миллионк мааҭ рыҭара апрограмма ралахәхаразы 10 қыҭак рхадарақәа рзыҳәақәа ирыхәаԥшит. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала акомиссиа аилатәара мҩаԥысуеит Аминистрцәа реилазаараҿы."Ишәгәаласыршәоит, уаанӡа 95 қыҭа рзыҳәақәа ҳрыхәаԥшхьан. Убас ала, иахьа иҳадаҳкыло азыҳәақәа ҳасаб рзуны, ахәаԥшразы азыҳәақәа аарышьҭып ҳәа ҳаззыԥшу хә-қыҭак роуп иаанхаз. Даара ҳақәгәыӷуеит арҭ иаанхаз ақыҭақәа хәба аамҭа кьаҿк иалагӡаны аусшәҟәқәа ҳзаарышьҭып ҳәа", — азгәеиҭеит Нанба.Акомиссиа иара убасгьы иахәаԥшуеит Гәдоуҭеи Тҟәарчали араионқәа рзы агрант аиуразы апрограмматә усмҩаԥгатә ралахәхара азҵаара.Азыҳәақәа рызкуп амҩақәа, ацҳақәа, ахадарақәа рхыбрақәа, астадионқәа рремонтқәа, ӡыла аиқәыршәарақәа, ашколқәа рзы аҩнымаҭәа аахәареи аԥенџьырқәа рыԥсахреи, аҽҭра аргылареи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/11/1063755929_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_4b015d2916aef8ec64273f905e1785e7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Ақыҭақәа рыҿиаразы акомиссиа 10 қыҭак рхадарақәа рзыҳәақәа ирыхәаԥшит
15:00 24.09.2026 (ирҿыцуп: 16:13 24.09.2026) АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik. Ақыҭақәа рыҿиаразы акомиссиа ақыҭақәа афинанстә цхыраара ҳәа миллионк-миллионк мааҭ рыҭара апрограмма ралахәхаразы 10 қыҭак рхадарақәа рзыҳәақәа ирыхәаԥшит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала акомиссиа аилатәара мҩаԥысуеит Аминистрцәа реилазаараҿы.
"Ишәгәаласыршәоит, уаанӡа 95 қыҭа рзыҳәақәа ҳрыхәаԥшхьан. Убас ала, иахьа иҳадаҳкыло азыҳәақәа ҳасаб рзуны, ахәаԥшразы азыҳәақәа аарышьҭып ҳәа ҳаззыԥшу хә-қыҭак роуп иаанхаз. Даара ҳақәгәыӷуеит арҭ иаанхаз ақыҭақәа хәба аамҭа кьаҿк иалагӡаны аусшәҟәқәа ҳзаарышьҭып ҳәа", — азгәеиҭеит Нанба.
Акомиссиа иара убасгьы иахәаԥшуеит Гәдоуҭеи Тҟәарчали араионқәа рзы агрант аиуразы апрограмматә усмҩаԥгатә ралахәхара азҵаара.
Азыҳәақәа рызкуп амҩақәа, ацҳақәа, ахадарақәа рхыбрақәа, астадионқәа рремонтқәа, ӡыла аиқәыршәарақәа, ашколқәа рзы аҩнымаҭәа аахәареи аԥенџьырқәа рыԥсахреи, аҽҭра аргылареи.