"Асоциалтә иашара амилаҭтә шәарҭадара афактор аҳасабала" астол гьежь имҩаԥысит ААР аҟны
18:30 24.09.2026 (ирҿыцуп: 19:05 24.09.2026)

© Foto / Академия наук Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik. Аԥсуара — акультуратә ҭынха, амилаҭтә хаҿра Аԥсны аҳәынҭқарратә концепциа хаданы иҟазароуп ҳәа лгәаанагара лҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҟны имҩаԥысыз астол гьежь аҿы, аекономикеи азиндырреи ринститут анапхгаҩы Фатима Камкьиаԥҳа.
Ауаажәларра рҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа инарықәыршәаны, еиԥымҟьо аекономикатәи аполитикатәи акризисқәагьы уахь иналаҵаны, амилаҭтә ҭынхеи аԥсуа жәлар ркультуратә гәыцәи реинырразы аџьабаа абара хымԥадатәиуп ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҿы имҩаԥысуаз астол гьежь атема "Асоциалтә иашара амилаҭтә шәарҭадара афактор аҳасабала" иазкын. Аусмҩаԥгатә иалахәын аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, ареспублика ахада ихаҭарнакцәа, аӡбаратә усзуҩцәа, ауаҩы изинқәа рыхьчаҩцәа, аҵарауаа.