https://sputnik-abkhazia.info/20260924/1065916002.html
Гәынба аполитикатә партиақәеи аиҿкаарақәеи рабжьгаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит
Гәынба аполитикатә партиақәеи аиҿкаарақәеи рабжьгаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны ахада иҟны иҟоу аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рабжьгаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит. 24.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-24T19:55+0300
2026-09-24T19:55+0300
2026-09-24T23:55+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/06/03/1051258292_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_b8bdfc1337136c1949525810cf32e40f.jpg
АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны ахада иҟны иҟоу аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рабжьгаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.Аиԥылара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, апартиа "Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" аԥхьагыла Аслан Барцыц, апартиа "Амцахара" ахантәаҩы Алексеи Цыгәба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, апартиа "Аиҭаира" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиан Бобуа.Атәыла анапхгара, Гәынба иажәақәа рыла, аконструктивтә критика адкылареи иҵаҵӷәырку ажәалагалақәа рызхәыцреи, иара убас аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа ргәы иҵхо иарбанызаалак азҵаарақәа рылацәажәареи иазхиоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/06/03/1051258292_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_056f10aca046039fae96db706ba901bf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
Гәынба аполитикатә партиақәеи аиҿкаарақәеи рабжьгаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит
19:55 24.09.2026 (ирҿыцуп: 23:55 24.09.2026) АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны ахада иҟны иҟоу аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рабжьгаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аиԥылара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, апартиа "Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" аԥхьагыла Аслан Барцыц, апартиа "Амцахара" ахантәаҩы Алексеи Цыгәба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, апартиа "Аиҭаира" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиан Бобуа.
"Иахьа салацәажәар сҭахын ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу, еиҳа актуалра злоу азҵаарақәа, иахьа ҳҿаԥхьа иқәгылоу ааԥхьарақәа. Сара сзы акраҵанакуеит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ргәаанагара азхьаԥшра — урҭ атәыла анапхгара ирыдгылозаргьы, аоппозициаҿы иҟазаргьы", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Атәыла анапхгара, Гәынба иажәақәа рыла, аконструктивтә критика адкылареи иҵаҵӷәырку ажәалагалақәа рызхәыцреи, иара убас аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа ргәы иҵхо иарбанызаалак азҵаарақәа рылацәажәареи иазхиоуп.