Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 645 ҭадырхеит
09:37 26.09.2026 (ирҿыцуп: 10:53 26.09.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 26 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 645 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Москватәи арегион, Краснодартәии Ставропольтәи атәылаҿацәқәа, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.