"Аԥсны, уаасацәажәа" — Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазку амузыкатә клип ӡырыргеит
17:25 30.09.2026 (ирҿыцуп: 18:12 30.09.2026)

© Sputnik / Асмат Цвижба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 30 — Sputnik. "Аԥсны, уаасацәажәа" — Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазку амузыкатә клип ӡырыргеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны.
Апроект ауаҩи идгьыл гәакьеи, уи аҭоурыхи, ауааи, реимадара ртәы еиҭанаҳәоит. Ашәа нарыгӡоит артистцәа Альдона Цкәуаԥҳаи Армен Хачатуриани.
Апроект апродиусер хада Белла Агрба лажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу амыругақәа рыла Аԥсны аҭоурых акультуреи аҟазареи рдунеи ахь инанашьҭуеит.
Аклип аԥҵара партниор хадас иқәгылеит апродиусертә центр "Интеграциа". Уи адиректор хада Глеб Шагун иҳәеит ашәа аниаҳа раԥхьаӡакәны ахӡыӡааратә цәаныррақәа шимаз.

"Ари зыхцәажәара уадаҩу цәанырроуп. Угәаҿы даҽакала аԥсыԥ лагаҩагара ианалагалак, даҽакала ацәанырра уалагоит", — иҳәеит иара.
Аклип ацәаҳәатә продиусер Мрамза Лакашьиа илҳәеит, лареи арежиссиор Илона Хәарцкьиеи ишырҭахыз ашәа алирикеи аҭоурыхтә контексти еиларҵарц, атәыла аҭоурых ауаа рыла иддырбарц.
Апроект аԥҵара иара убас рхы аладырхәит Александр Оганиан, Анри Гәымба, Едуард Ежов.