Ацәыргақәҵа "Амшын цәқәырԥаӡом" аатуеит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы
15:02 01.10.2026 (ирҿыцуп: 15:21 01.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 1 — Sputnik. Ацәыргақәҵа "Амшын цәқәырԥаӡом" аатуеит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы жьҭаара 3 рзы.
Ари иҭоурыхтәу, иуникалтәу цәырҵроуп ҳәа азгәалҭеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа Sputnik имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны.
Ари ахҭыс аҵакы аманы иҟанаҵоит ацәыргақәҵа аҭааҩцәа иналукааша аурыс сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа роригиналқәа рыблала рбаразы алшара ахьроуа.
Лара иара убасгьы илҳәеит, АЗХ ашықәс зегьы абри ацәыргақәҵа аартра аҽазнархион ҳәа. Уи, "Аладатәи ажәҩан аҵаҟа" аекспозициа ала ихацыркхаз апроект ду иацнаҵоит.
Ацәыргақәҵа еиднакылоит Иван Аивазовски, Алексеи Боголиубов уҳәа еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа назлоу аурыс ҿыханҵа арҿиамҭақәа 35.
Асахьақәа Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа ирнаҭоит, Урыстәыла Акультура аминистрра ацхыраарала, аҩ-тәылак рыбжьара акультуратә диалог аҳәаақәа ирҭагӡаны.