Аҭыԥ змаз ақәаршҩы ӷәӷәақәа Очамчыра араион аинфраструктура ааха арҭеит
15:09 01.10.2026 (ирҿыцуп: 15:33 01.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 1 — Sputnik. Аҭыԥ змаз ақәаршҩы ӷәӷәақәа Очамчыра араион аинфраструктура ааха арҭеит.
Зыԥшрада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.
Амҩақәа ықәнаӡәӡәааит Ҭоумышь аҳаблан, ақыҭақәа Акәасқьа, Кәтол, Ҷлоу, Џьал, Кындыӷ рҿы аӡы амҩа хадахь инеит ҳәа аанацҳауеит Ochamchira_inform.
Џьгьардеи Ҭхьынеи ацҳақәа рбгоуп, Џьали Маркәылеи аӡырсырҭақәа ааигәа-сигәатәи аҵакырақәа ирыцны аӡы рхыҵәеит. Аалӡга аӡиас иахьаҵанакуа ацҳаи ареспубликатә мҩеи рҵыӡәӡәааразы ашәарҭара ыҟоуп.
Иара убас Аӡҩыбжьа амцакра азгәаҭан, уа ахатәы ҩны блит.
Ааха зауз ақыҭақәа рхадацәеи аоперативтә маҵзурақәеи алархәны аилацәажәарақәа мҩаԥигоит Очамчыра араион ахада Алхас Кациа.
Иазԥхьагәаҭоуп аԥхасҭа амҽхак аилкаара, еиҳа ишәарҭоу ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра, оперативла ауааԥсыра ацхыраара рыҭара.