5,5 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра "иаку" абилеҭ рхы иадырхәеит 2026 шықәсазы
18:01 01.10.2026 (ирҿыцуп: 18:30 01.10.2026)

© Sputnik / Сергей Кузнецов
Анапаҵаҩра
Зегь реиҳа аныҟәаҩцәа иалырхыз хырхарҭоуп Пицунда — апассаџьырцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 38%. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Гагра — 37%.
АҞӘА, жьҭаара 1 — Sputnik. 5,5 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра "иаку" абилеҭ рхы иадырхәеит 2026 шықәсазы Аԥсныҟа ааразы.
Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны апассаџьырцәа рныҟәара 4% еизҳаит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атранспорт аминистрра.
Аныҟәарақәа еиҿкаан асхемақәа "адәыӷба + автобус", "аҳаирплан + автобус" рыла. Асистема иалнаршоит амаршрут зегьы билеҭк ала аиқәыршәара, заанаҵы аҵыхәтәантәи апункт аҟынӡа аиасра аиҿкаара.
Ари асезон азы "иаку" абилеҭ хә-хырхарҭак рыла ахархәара аман: Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа.
Зегь реиҳа аныҟәаҩцәа иалырхыз хырхарҭоуп Пицунда — апассаџьырцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 38%. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Гагра — 37%.
Аиасыра ҭыԥ хаданы иаанхоит Адлер аихамҩатә вокзал — уаантәи имҩасны Аԥсныҟа иааит 94% апассаџьырцәа.