Бадра Гәынбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Владимир Пухаеви еиԥылеит
19:08 01.10.2026 (ирҿыцуп: 19:28 01.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 1 — Sputnik. Бадра Гәынбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Владимир Пухаеви еиԥылеит.
Гәынба Марат Камболов адныҳәалара изицҳаит атәыла ахада инапынҵақәа рахь дахьнеиз азы, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Пухаев Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара дахьалахәыз азы ҳәа аанацҳауеит ахада Иусбарҭа апресс-маҵзура.

"Ҳара ҳзы ари ныҳәа хадоуп, Аԥсны жәлар реихьӡара хада — Аиааира амш ауп. Убас ҭоурыхла ишьақәгылеит, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәларгьы рхатә дгьыл аҿы, рхатәы ҳәынҭқарраҿы анхара азин иазыкәԥон. Иахьа ихьыԥшым ҳҳәынҭқаррақәа ҿиоит", — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аминистр адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит, уаҟа Марат Камболов иазгәеиҭеит аҩ-жәларык рыбжьара аиашьареи, аиҩызареи, аицхыраареи рҭоурыхтә еимадарақәа, иара убас иҳәеит Аԥсны ақәҿиарақәа дышрызгәдуу атәы.
Аахыҵ уаԥстәылатәи аԥыза Бадра Гәынбеи аԥсуа жәлар зегьи ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аихьӡара ҿыцқәеи.
Аахыҵ уаԥстәылатәи аԥыза Бадра Гәынбеи аԥсуа жәлар зегьи ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аихьӡара ҿыцқәеи.