https://sputnik-abkhazia.info/20261002/1066096804.html
Аԥсны даанкылоуп атерроризм иаартны ирылаирҵән ҳәа агәызҩара ззыҟоу Таџьикистан атәылауаҩ
Аԥсны даанкылоуп атерроризм иаартны ирылаирҵән ҳәа агәызҩара ззыҟоу Таџьикистан атәылауаҩ
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 2 — Sputnik. Аԥсны даанкылоуп аԥсылманра арадикалтә формақәеи атерроризм иаартны ирылаирҵәоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Таџьикистан атәылауаҩ Хәыршед... 02.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-02T12:54+0300
2026-10-02T12:54+0300
2026-10-02T13:37+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0d/1045244786_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_4bb410b8aa9609c9895dbc3689f47f49.jpg
АҞӘА, жьҭаара 2 — Sputnik. Аԥсны даанкылоуп аԥсылманра арадикалтә формақәеи атерроризм иаартны ирылаирҵәоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Таџьикистан атәылауаҩ Хәыршед Оиматов.Иара 2026 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура дааннакылеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аус ацурала. 36 шықәса зхыҵуа Оиматов атеррористтә гәыԥқәа дрыдҳәалазар алшон, уи аинтернет аҿы аекстремистра аларҵәара инапы алакын. 2019 шықәса раахыс Аԥсны дынхон. Урыстәыла АШӘМ аҳәаахьчаратә усбарҭахь дрырҭеит аҩ-тәылак рыбжьара аусеицуразы аус зуа аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0d/1045244786_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_fef3facfaa1ff72808baf2b6007a9fd7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны даанкылоуп атерроризм иаартны ирылаирҵән ҳәа агәызҩара ззыҟоу Таџьикистан атәылауаҩ
12:54 02.10.2026 (ирҿыцуп: 13:37 02.10.2026) АҞӘА, жьҭаара 2 — Sputnik. Аԥсны даанкылоуп аԥсылманра арадикалтә формақәеи атерроризм иаартны ирылаирҵәоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Таџьикистан атәылауаҩ Хәыршед Оиматов.
Иара 2026 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура дааннакылеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аус ацурала.
36 шықәса зхыҵуа Оиматов атеррористтә гәыԥқәа дрыдҳәалазар алшон, уи аинтернет аҿы аекстремистра аларҵәара инапы алакын.
2019 шықәса раахыс Аԥсны дынхон.
Урыстәыла АШӘМ аҳәаахьчаратә усбарҭахь дрырҭеит аҩ-тәылак рыбжьара аусеицуразы аус зуа аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны.