РУСДРАМ-и Даль ихьӡ зху аурыс литература амузеии аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
12:00 03.10.2026 (ирҿыцуп: 16:11 03.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 3 — Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театри Даль ихьӡ зху аурыс литература аҳәынҭмузеии аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа Иракли Хынҭәбеи Дмитри Баки, урыстәылатәи ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҟны иаартыз ацәыргақәҵа "Фазиль Искандер. Ауаҩи уи акәша-мыкәшеи" ашьҭахь.
Аусеицураҿы иарбоуп — аимадарақәа рырҿиара, аклассикатә литература аларҵәара, аинновациатә сценатәи амузеитәи форматқәа раԥҵара ҳәа аанацҳауеит РУСДРАМ апресс-маҵзура.
Аиқәшаҳаҭра иазгәанаҭоит —иматериалтәым акультуратә ҭынха аобиектқәа ркультуреи, рҵаралашареи, рыҭҵаареи, реиқәырхареи, рӡыргареи русхк аҟны апроектқәа рынагӡара, иара убас аусеицураан аинформациатә ӡыргара аиҿкаара.
Даль ихьӡ зху аурыс литература аҳәынҭмузеи — Урыстәыла иреиҳау, адунеи аҿы ибеиаӡоу алитературатә музеиқәа ируакуп. Иара еиднакылоит 10 инареиҳаны афилиалқәа.