Мушьни Хәарцкьиа игәаларшәара иазку ацәыргақәҵа аатит "Аҟәатәи абаа" аҿы
20:00 03.10.2026 (ирҿыцуп: 23:21 03.10.2026)

© Foto / Сухумская крепость
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 3 — Sputnik. Мушьни Хәарцкьиа игәаларшәара иазку ацәыргақәҵа аатит "Аҟәатәи абаа" аҿы ҳәа аанацҳауеит амузеи-ҳәырԥсарра апресс-маҵзура.
Ацәыргақәҵа жьҭаара 7 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Изҭаху зегьы рзы иаартуп.
Раԥхьатәи аҭааҩцәа Баҭал Кобахьиеи Беслан Гәырџьиеи Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа дыргәаладыршәеит.
Мушьни Хәарцкьиа — Аԥсны Афырхаҵа, аҵарауаҩ, археолог.
Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ иадхәалоуп раԥхьатәи афронт аартра, раԥхьатәи ахрыӷәӷәарҭа, раԥхьатәи абаталионқәа реиҿкаара.
Иара дрылахәын аиааира агараҿы аҵак ҷыда змаз аидысларақәа маҷымкәа. Дҭахеит 1992 шықәса, ԥхынҷкәын 6 рзы ақыҭа Лашькьындар ахақәиҭтәраан. Анышә дамадоуп Лыхны ақыҭан.