Астендтә хысразы Аԥсны Ахраҿа хацыркхеит Аӡҩыбжьа ақыҭан
12:09 04.10.2026 (ирҿыцуп: 13:53 04.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Еицлабуеит 40-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ақәрақәа змоу алахәылацәа.
АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Астендтә хысразы Аԥсны Ахраҿа хацыркхеит Аӡҩыбжьа ақыҭан ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Еицлабуеит 40-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ақәрақәа змоу алахәылацәа. Актәи аетап — Sporting алеишәа, уи аихшьаалақәа рыла иреиӷьу аспортсменцәа жәаҩык Skeet аҩаӡарахь ииасуеит.
Афиналтә сериа мҩаԥысраны иҟоуп аолимпиатә системала алҵрала. Аиааира згаз еилкаахоит ахысраҿ икылкаан ацәҟьа иақәшәаз ралкаарала.
"Даара игәазырҳагоуп иахьа аиҵбыратәи абиԥара ари аспорт хкы ишаҿу ашьклаԥшра. Аҳәынҭеилакы аганахьала иахьынӡаҳалшо адгылара раҳҭалоит ҳтәылаҿы астендтә хысрақәа ҿиаларц азы", — ҳәа аицлабра аартра ацеремониаҿы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.