Самбо азы жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" хацыркхеит Аҟәа
13:20 04.10.2026 (ирҿыцуп: 14:02 04.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Самбо азы жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" хацыркхеит Аҟәа.
Уи рхы аладырхәуеит Аԥсни Урыстәылеи, уи арегион ҿыцқәа Донецки Лугански назлоу рҟынтәи, 10-16 шықәса зхыҵуа 500-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Аицлабра аибашьцәа-аинтернационалистцәа ргәалашәара иазкуп.
Алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба. Иара аицлабра алахәылацәа қәыԥшқәа еицырдыруа спортсменцәаны рыҟалара инаваргыланы, ауаа бзиақәангьы иҟаларц рзеиӷьеишьеит.
Атурнир ааиртит еилаԥсоу ақәԥарақәа разҟаза, илегендартәу аспортсмен Фиодор Емельианенко.

"Иӷәӷәаӡоу аиааира игааит. Аха, иахьа иқәымҿио — шәгәы кашәмыжьын, алкаақәа ҟашәҵала, ԥхьаҟа мацара шәыԥшла", — иҳәеит иара.
Атурнир еиҿыркааит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы Аҟәа ақалақь ахадареи Аԥсны самбо Афедерациеи алархәны.