Урыстәыла Аԥсны АҶА иарҭеит ахықәкырацәатә еиқәырхаратә катерқәа ԥшьба
15:12 08.10.2026 (ирҿыцуп: 15:56 08.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Цәыббра 25 рзы Урыстәыла Аԥсны иарҭеит 30 цыра атехника ҷыда.
АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik. Урыстәыла Аԥсны АҶА иарҭеит ахықәкырацәатә еиқәырхаратә катерқәа ԥшьба.
"Арҭ акатерқәа зызку, ҳәарада, Аԥсны аӡымҽхак аинспекциеи аӡытә обиектқәа рҿы аиқәырхара азҵаарақәеи роуп", — иҳәеит аусбарҭа ахада Алиас Аҩӡба.
Иара иазгәеиҭеит атехника ҿыц аԥшааратә усурақәа рымҩаԥгараан ухы иаурхәар шалшо, урҭ рҿы аус рур шрылшо аӡхәыҵалаҩцәа.
"Иааизакны Аԥсны азы ари даара акрызҵазкуа хҭысуп, избанзар иахьа уажәраанӡа усеиԥш акгьы ыҟамызт. Аҟәа ақалақь аҿы акәын аӡсагақәа ахьыҟаз", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
"Иааизакны Аԥсны азы ари даара акрызҵазкуа хҭысуп, избанзар иахьа уажәраанӡа усеиԥш акгьы ыҟамызт. Аҟәа ақалақь аҿы акәын аӡсагақәа ахьыҟаз", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Аҩӡба иҳәеит акатерқәа руак аҳҭнықалақь аҿы ишаанхо. Егьырҭ ареспублика араионқәа рахь инашьҭхоит.
Урыстәыла АҶА аҟынтәи акатерқәа иалдыршоит еиҳа лассы-лассы аӡаҿы агәаҭарақәа рымҩаԥгара ҳәа иҳәеит зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Иара иазгәаиҭеит атехника Аԥсны араионқәа реиҳарак рҿы аԥхын ишаҭаху, избанзар есышықәса зышәагаа маҷу аӷбақәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Амшынтә транспорт аҭагылазаашьеи адокументқәа зегьы рыҟазаареи гәаҭалатәуп.
Ас еиԥш аинспекциақәа уаанӡагьы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аҳәаахьчаратә Усбарҭа алархәны имҩаԥгаагон ҳәа ациҵеит Сабуа.

"Уажәы ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа еиҳа лассы-лассы имҩаԥаагалоит. Акатерқәа даара имобилтәуп, аус рыдулара иманшәалоуп. Раԥхьа иргыланы, амашәырқәа раан ирласӡаны амшын ухылар ҟалоит", — иҳәеит иара.