Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт мҩаԥысит жьҭаара 9 рзы Москва
13:13 10.10.2026 (ирҿыцуп: 13:40 10.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 10 — Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт мҩаԥысит жьҭаара 9 рзы Москва.
Аԥснытәи аколлектив ықәгылеит Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа азал аҿы.
Артистцәа инарыгӡеит аԥсуа композиторцәа рҩымҭақәеи жәлар рашәақәеи, аурыс хортә музыка, мраҭашәаратәи аклассика, иара убас адоуҳатә ҩымҭақәа.
Урыстәыла Жәлар рартист Александр Книазев инаигӡеит Нодар Ҷанба авиолончель азы иҩыз исоната.
Иара убас жьҭаара 10 рзы амузыкантцәа ВДНХ аҿы иаарту аконцерт ду мҩаԥыргоит.
Агастрольқәа Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала имҩаԥгахоит, уи Урыстәылеи Аԥсни рмузыкантцәа рыбжьара шықәсырацәалатәи арҿиаратә еинырра иацнаҵоит.