Аԥсуа шәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа изку адокументалтә фильм аҭыхрақәа ирылагеит Аҟәа
13:54 10.10.2026 (ирҿыцуп: 19:50 10.10.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 10 — Sputnik. Аԥсуа шәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа изку адокументалтә фильм аҭыхрақәа ирылагеит Аҟәа.
Афильм ҭырхуеит апроект "Аԥсны ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аинтернет аҿиаразы урыстәылатәи Аинститут ацхыраарала.
Аҭыхрақәа ирылахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи амедиа аусзуҩцәа, "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" роушьҭымҭацәагьы. Иара убас, афильмқәа ӡыргахоит урыстәылазегьтәи апроект "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" алахәылацәа — аблогерцәа, ажурналистцәа, ауаажәларратә гәаанагара аԥхьагылаҩцәа.
Апроект анапхгаҩы Сабыхә Мамедов иажәақәа рыла, урыстәылатәи ахәаԥшцәа Аԥсны ддырдыруеит ауаа рыла.
Анаҩстәи афырхацәа — амузыкант Валери Маиромиан, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуа. Мызкахьы знык фильмк ҭыҵлоит. Сынтәатәи ашықәс азы иазгәаҭоуп хԥа.