Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатит Пушкин ихьӡ зху аҳәынҭқарратә музеи аҿы
22:41 10.10.2026 (ирҿыцуп: 23:50 10.10.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 10 — Sputnik. Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатит Москва, Пушкин ихьӡ зху аҳәынҭқарратә музеи аҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа.
Ацәыргақәҵа асахьаҭыхҩы ду, аграфик, аурыс авангард ахаҭарнак диижьҭеи 140 шықәса аҵра иазкуп.
Аусмҩаԥгатә аартра иалахәын ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа.
Иапониа акыр шықәса лыԥсҭазаара ашьҭахь, Бубнова Аҟәаҟа нхара ҳәа дааит, араҟа аҭыхымҭа ҿыцқәа аԥылҵон, ацәыргақәҵақәа дрылахәын.
Ицәырган — аҿыханҵа, аграфика, адокументалтә фотоматериалқәа, иара убас Пушкин иҩымҭақәа ирызку Бубнова лсахьақәа.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит ԥхынҷкәын 20 рҟынӡа Пушкин ихьӡ зху аҳәынҭмузеи аҿы, аҭыӡҭыԥ — Пречистенка амҩа, 12/2.