Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 166 ҭадырхеит
10:52 15.10.2026 (ирҿыцуп: 11:22 15.10.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
Украинатәи Арбџьармчқәа урыстәылатәи аҵакыраҿы БПЛА ахархәарала есыҽны аобиектқәа ирыжәлоит.
АҞӘА, жьҭаара 15 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 166 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Курсктәи, Тулатәи, Риазантәи, Орловтәи, Липецктәи, Воронежтәи, Нижегородтәи, Тамбовтәи аобластқәа рҿы.
Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Москватәи арегион, Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым.