Аҟәатәи раԥхьатәи Жәларбжьаратәи аинформациа-технологиатә форум аатит Аԥсны
11:43 16.10.2026 (ирҿыцуп: 13:05 16.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аинформациатә форум — еихдоу Урыстәылеи Аԥсни рҿартә форум аҩбатәи аетап иахәҭакуп. Иара мҩаԥыслоит жьҭаара 16-18 рзы.Афорум актәи аетап еиҿкаан лаҵарамзазы Нальчик ақалақь аҿы.
АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Аҟәатәи раԥхьатәи Жәларбжьаратәи аинформациа-технологиатә форум аатит Аԥсны.
Уи иалахәуп IT-еилахәырақәа рхаҭарнакцәа.
Аилахәырақәа астендқәа рҿы иӡырыргеит рыпроектқәа, уи ашьҭахь апитч-сессиа мҩаԥгахоит, уаҟа аспикерцәа иҟаҵәҟьоу акеисқәа аҭааҩцәа ирыцеиҩыршоит.
Уи иалахәуп IT-еилахәырақәа рхаҭарнакцәа.
Аилахәырақәа астендқәа рҿы иӡырыргеит рыпроектқәа, уи ашьҭахь апитч-сессиа мҩаԥгахоит, уаҟа аспикерцәа иҟаҵәҟьоу акеисқәа аҭааҩцәа ирыцеиҩыршоит.
"Ари атехнологиатә суверенитет аҿиараҿы илагала дууп. Саргьы ари акрызҵазкуа аспектны исыԥхьаӡоит ҳаалыҵқәа ԥхьаҟа ргаразы, ҳтәылауаа рыԥсҭазаара еиҳа иманшәалахарц азы", — ҳәа азгәеиҭеит адепутат Инар Саӡба.
Афестиваль иалахәуп Урыстәыла арегионқәеи Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи рҟынтәи аделегациақәа. Зынӡа 300-ҩык инареиҳаны алахәылацәа ыҟоуп.
Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аинформациа-технологиатә форум иалнаршоит Аԥсны IT-еилахәырақәа раалыҵқәа рылацәажәара, рԥышәа рколлегацәа рыцеиҩшара ҳәа рыԥхьаӡоит алахәылацәа.
Ареспублика StemLab актәи IT-школ адиректор Алмасхан Марколиа иажәақәа рыла, акадрқәеи афинансқәеи разымхара аамҭазы IT-технологиақәа апроблемақәа жәпакы рыӡбара рылшоит.
Ареспублика StemLab актәи IT-школ адиректор Алмасхан Марколиа иажәақәа рыла, акадрқәеи афинансқәеи разымхара аамҭазы IT-технологиақәа апроблемақәа жәпакы рыӡбара рылшоит.
"Ҳара даара ҳаигәырӷьоит ас еиԥш иҟоу IT-форум аҽалархәра. Сара сгәы излаанаго ала, ари азҵаара иалацәажәатәуижьҭеи акрааҵуеит. Аԥсны иҟоуп IT еилазаара, иҟалап уи уаанӡа хаз-хазшәа иҟазар, аха ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа ари аусхк алахәылацәа хымԥада еиднакылоит", — иҳәеит иара.
Амобилтә операторцәа руак ицәырнагеит ацифратә сервисқәеи иццаку аинтернет 5g-и. Аилахәыра апиар-ҟәша анапхгаҩы Асҭанда Ҷкадуаԥҳа иазгәалҭеит афорум аԥыжәара шамоу ишиашоу аклиент иҿцәажәара алыршараз.
Аалыҵқәа ӡырнагеит аинтернет-проваидерқәа руак. Уахь иаҵанакуеит АТи асмартфонқәеи рзы ацҵа –урысшәалеи аԥсышәалеи онлаин кинотеатри апроект "Ишәарҭадоу ақалақьи".
"Ҳколлегацәеи ҳареи иҳамоуп алшара ара уажә ирыдаагало ҳапроектқәа ртәы асасцәа рыдагьы ареспублика астудентцәеи ауааԥсыреи рзеиҭаҳәараз", — ҳәа азгәалҭеит аилахәыра аӡыргареи амаркетинги рыҟәша анапхгаҩы Сариа Касланӡиаԥҳа.