Аԥсны ацитрустә шәырқәа рҽаҩра 40 нызқь тонна рҟынӡа инаӡар алшоит 2026 шықәсазы
16:15 16.10.2026 (ирҿыцуп: 16:48 16.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Аԥсны ацитрустә шәырқәа рҽаҩра 40 нызқь тонна рҟынӡа инаӡар алшоит 2026 шықәсазы ҳәа иҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ҳагәышь.
Азеиԥш мҽхакы аҟынтәи 38 нызқь тонна рҟынӡа амандарина иақәшәоит ҳәа азгәеиҭеит иара ацитрустә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵаразы Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы. Ақыҭанхамҩа аминистрра заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла аҽаҩра акыр иҳаракхароуп ҳәа иазыԥшуп.
Уаанӡа сынтәатәи аҽаҩразы иреиҵаӡоу аахәаратә хәыԥсақәа шьақәыргылан.
Абҵара 5 инаркны Гәылрыԥшь араион аҿы анаплак ҿыц аалыҵ адкылара иалагоит. Уи амандарина лыԥшаахқәеи афеихоеи аанахәалоит, иара убас аус адуларазы икондициатәым ашәыр аднакылалоит, абри атәы ааицҳаит ахада иабжьгаҩ Беслан Џьопуа.
Аамҭахәҭа аҽазыҟаҵаразы афитосанитартә хылаԥшра амаҵзурақәа аҳәааҿы асменақәа дырӷәӷәеит. Иара убасгьы аус ауеит аекспресс-лабораториа аҿырԥштәқәа оперативла анализ рзуразы.
Владимир Делба иазгәеиҭеит хықәкы хадас ишрымоу аекспортиорцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара, ақыҭауаа адгылара рыҭара, иҵаҵӷәыдоу ашәарақәеи аиҵахарақәеи ралмыршара.
"Хықәкыс иҳамоу акоуп — аекспорттә аалыҵ аҭира хықәкыс иҟаҵаны уи азы иманшәалоу, аҭагылазаашьақәа раԥҵара, анхацәа адгылара рыҭара, иҵаҵӷәыдоу ашәарақәа рҽырцәыхьчара", — ҳәа азгәеиҭеит иара.