00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Шьыжь игылаз иҽан ҽаба аҵеикит": ашьыжь зныԥшуа ажәаԥҟақәеи азгәаҭарақәеи

CC0 / / Солнце
Солнце - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2026
Анапаҵаҩра
Ашьыжь иацны иааиуа агәыӷрақәа инадыркны азгәаҭарақәа рҿынӡа шәзыԥшуп Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
"Амш ҿыц исзаанагарызеи?" — абри аҩыза азҵаара зхы иазымҭац маҷзар ҟалап. Ашьыжь шара ҳаԥылоит ҳагәқәа гәыӷрала ирҭәны, ҳхықәкқәа, ҳусқәа рынагӡара ҳҽазырхианы.
Ашьыжь амрашәахәа ҳашәхымс ианаахыҵлак — ахәыҷқәа ашкол ахь, аҿар аҵараиурҭақәа рышҟа, адуцәа русурахь имҩануп, аҩны иаанхо иццакы-ццакуа рыҩнусқәа ирыхьӡарц иаҿуп.
Жәаҳәарада, ауаа зегьы ҳаиԥшым. Џьоукы рышьыжь "акаҳуа хаа" афҩы ахуп, даҽаӡәых рзы "ачаи цаҳәцаҳә" агьама амоуп. Шьыжьхьада зымч ҭамло шырацәоу еиԥш ашьыжь зынӡа акрыфара зҟазшьам рхыԥхьаӡарагьы рацәоуп.
Вспашка земли плугом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2024
Аԥсны
"Ацә ауӷә ӷас ишьҭнахуан, ауардын – уасы": аҩнытә ԥстәқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәа

Ашьыжь аԥылара

Аиҳабацәа аҿар ирымардо амаӡақәа ирылан ашьыжь иашаны ишаԥылатәу − шьыжьымҭан џьара усура ҳәа ианааҵыҵуаз, еиҳарак адгьыл иқәаарыхырц, амхы иҭаларц ргәы ианҭарк, "ҿаҵак ымфакәа" ицомызт. Ауаҩы акрыфа, имч ҭаны, игәы алаҟаны аусура иҽаназик — ишьамхы ӷәӷәахоит, цәгьа ихьыԥшӡом, иара унапы злаукыз аусгьы иаҳа иуцааиуеит.
Шьыжьнаҵы акрыфара ргәы ианаҭахӡамыз, хыхьчага ҳасабала аусура рнапы аларкаанӡа аџьыкхыш маҷк нарыхәларыԥсон, зынӡа рыца ак ҭамкәа иҟамларц азы. Аԥсуаа иазгәарҭоит, анхаҩы ҿмырҵысы (акрымфакәа) ааԥын имхы данҭала, зыбжьы иаҳаз аԥсаатә даҟаҭәоит ҳәа (азгә: "аҟаҭәара" — одоление птицы).
Ҿмырҵысы ажәҵыс аҷырҷырбжьы уаҳар — ахьара, ахш ԥхасҭахалоит (иҵәыҵәлоит) рҳәоит. Акрымфакәа амалаӷәыри аҟармаҵыси рышәаҳәабжь уаҳар — унасыԥ дыркьаҿуеит ҳәа агәаанагара рыман.
Грецкий орех  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
"Еиҭоумҳаз аҵла аԥҟара мариоуп": абжьгара-лабжьаратә ҵакы змоу ажәаԥҟақәа
Ажәаԥҟақәа рдунеи
Ажәаԥҟақәа иахьахәҭоу аҭагылазаашьаҿы, изышьашәалоу атема иадҳәаланы ухы иаурхәар, угәҭакы еиҳа еилкаахоит, иуҳәарц иуҭаху аӡырҩцәа рҟынӡа еиӷьны инеиуеит, рыхшыҩ аҟны инхоит.
Ишьҭысхыз атема иақәҿызҭуа ажәаԥҟақәа рацәоуп. Иаҳҳәап: "Шьыжь игылаз абга иԥылазшәа деиқәшәоит", "Шьыжьӡа зус знапы алазкыз алҵшәа инаҭоит", "Шьыжьы игәаҟыз уаххьан дыччоит", "Шьыжьымҭан изымгыло инхара еиҵахоит", "Ашьыжь ишьацәхныслаз, шьыбжьаанӡа дшьацәхныслон", "Шьыжьы уҿы ахьуӡәӡәо какал укыроуп", "Шьыжьымҭан изымгыло изхара џьықәреи иауам", "Ашаразы игылаз иҽы ҵеикит, шьыбжьон игылаз иарбаӷь ҵеикит", "Шьыжьхьа бзиа уаххьа ннажьуеит", "Шьыжьхьа уара иф, уаххьа уаӷа иҿаҵа" уҳәа.
Абра иҳамҳәар ауам зегь реиҳа ашьыжь иахҳәааны аларҵәара змоу ажәаԥҟа атәы:
Шьыжь игылаз иҽан ҽаба аҵеикит. Шьыжьнаҵы зус знапы азыркыз еиҳа дманшәалахоит, иус еиҳа иҵоурахоит.
Еицырдыруа аԥсуа жәаԥҟа ҵаҵӷәыс иамоуп абри аҩыза асиужет, нхаҩык ашьжьымҭан дгылан игәылеи иареи рҽанқәа ахьықәҿаҳәаз даннеи, аҩбагьы хьаны аҽцарақәа шрыҵаз ибеит. Иара итәы аҽан ариит, игәыла итәы – аҽаба. Иҽан иаҵаз ааҵхны игәыла итәы иаҵеиҵеит, игәыла иҽан иарииз аҽҵыс — иҽан ахь ииаигеит. Абри аҩыза амаана ҟаиҵеит.
Осень встретила дождем  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2025
Аԥсны
"Аҵыс аӡаӡа ажәуа ианалага": аарҩареи аӡысаамҭеи азырбо жәлар разгәаҭарақәа
Азгәаҭарақәа рахьтә
Шьыжьтәи ашәаԥшь – амшцәгьа иатәуп. Хәылԥазтәи – амш бзиа. Даҽакалагьы ирҳәон, "Шьыжь шәаԥшь шьыбжьаанӡа, хәылԥ шәаԥшь жәаха-жәымш"
Ашьыжь аӡаӡа ҳәуазар амш бзиахоит.
Шьыжьнаҵы ақәоура иалагар, ирласны ихкәоит. Хәылԥазы иалагар, лассы ихкәом.
Ашьыжь аӡаӡа ыҟамзар амш цәгьахоит.
Ашьыжьымҭан амра шыҩагылалак аԥсҭәҳәа иалалар, амш цәгьахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0