Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ацә ауӷә ӷас ишьҭнахуан, ауардын – уасы": аҩнытә ԥстәқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәа

© Foto / Адгәыр Гәынба Вспашка земли плугом
Вспашка земли плугом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар идырҿиаз аҩнатә ԥстәқәа рыхҳәаау ажәаԥҟақәа рӷьырак ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ҳаԥсҭазаараҿы аҩнатә ԥстәқәа ранҵара, рыҩнатәтәра ҳзышьцылахьоу усуп. Аҩнатә ԥстәқәа афеида ду рылоуп: ақыҭанхамҩаҿы аус рыларуеит, ирымҵуеит ахш-харҵәы, иурҭоит акәац.
Аҩнатә ԥстәқәа рахьтә еиҳарак ала знапала изааӡаз аԥшәма изааигәоуп, изцәажәом акәымзар, акырӡа иҟәышуп. Шәарҭарак дақәымшәанда ҳәа ихӡыӡаауеит.
Аҩнатә ԥстәқәа наџьнатә аахыс ауаҩы имыхәозар, иԥырхагамызт. Убри азы акәхап дара ирыхҳәааны ажәлар идырҿиаз ажәаԥҟақәа рымҽхак зыҭбаау.
Шьҭа еидкылоу аҿырԥштәқәеи урҭ рҵакқәеи ҳарзааҭгылап:
Еидгылаз асар, ақәыџьма рыбжьеит. Зҳәоу еиқәшәо, еидгыло рылшара ӷәӷәоуп, урҭ рԥырхагахара зылшо дмаҷуп.
Абга ауаса иашьҭан – издыруада акьаԥа ҿшәаны икашәазар ҳәа. Еснагь аӡәы акы абаицрысҟьари, акы абаицәызгари ҳәа адәы иқәу изы ирҳәоит.
Зыбз хаау аҳәыс ҩыжәк ирыҵалан иацәоит / Зыбз хаау асыс ианугьы ианарцәоит, ианымгьы ианарцәоит. Злеишәа, зҿабызшәа хаау ауаҩы зегьы бзиа дырбоит. Убри ауп иҳарҳәо арҭ ажәаԥҟақәагьы.
Берег Черного моря в городе Гагра - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2024
Аԥсны
"Аҟәараҿы ахаҳә змоуз иеиԥш": аиҿырԥшратә шьҭынгыла “еиԥш” зцыло ажәаԥҟақәа
Ажьа ажьы алақәа зегьы ирфоит, аха иара зегьы ирызкуам. Аус бзиа алҵшәа зхы иазырхәар зҭаху шырацәоугьы, иара аҟаҵара зегьы ирылшом. Убри атәы ҳанаҳәоит иаагоу ажәаԥҟа.
Ажәкша атыша иахьҭагылазгьы ахы аҟьон. Ауаҩы дзышьцылахьоу иҵас бааԥсқәа дзырҟәаҵуам. Уи мчымхарак дақәшәаргьы "шәсыцхраа" ацынхәрас даӷьуеит, аҭаҷкәымҟьара далагоит.
Ага ицо лак рыцуп. Шьоукы ахьцо дмыцхәны, даҭахӡамкәа ирыцу изы ирҳәоит.
Ажә мыхҭала ахш гьамадоуп. Аҵас бааԥс, аҟазшьа цәгьа змоу - бзиарак ҟаиҵаргьы, ауаа аҵыхәтәанынӡа агәра рызгом аҟнытә аӡәгьы ҳаҭыр изақәӡам.
Аӡә иҽыҩ аҵкыс – ухатә ҽынади. Изеиԥшразаалак уара иутәу-иухатәу еиӷьуп, аӡәы итәы аасҭа.
Акамбашь иагьацәаӷәон, иагьакәаҳауан. Абзиара уны ацәгьа ашьҭазҵо, зыцәгьеи зыбзиеи еиҟароу ауаҩы изы ирҳәоит.
Зыкра мариоу аҽы избалак ақәтәоит. Ажәаԥҟа аҵакы шиашоу еилукааргьы ҟалоит: зыкра мариоу, злеишәа бзиоу арахә (аҽы мацара акәым) зегьы хархәагас иҟарҵоит, аџьабаа адырбоит.
Акамбашь аашьа азы аӡмахгьы ӡыхьуп. Зегьы ззеиԥшу, акгьы аҟаҵара зҭахым ауаҩы аашьа ихҳәааны ирҳәо ажәаԥҟоуп.
Голубь для погоды  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2024
"Аиаша аҵыс иаҳәоит, аҳәыҳә иаҳәоит": аԥсаатә ирыхҳәаау ажәлар ражәаԥҟақәа
Алақәа еиӷацәоуп, аха абга ианашьҭоу еиуацәоуп. Алақәа рымааибра аҭыԥ амоуп. Дара аибафара, аиҿаӷыӷра рҟазшьоуп. Убас рацәак еизыуаам, бзиа еибамбо ауаа азеиԥш ӷа данроулак, еидымгылар ада ԥсыхәа анырмоулак: "Алақәа еиӷацәоуп, аха абга ианашьҭоу еиуацәоуп" ҳәа рзырҳәоит.
Асыс аҵәыуабжь абгаз ихаауп. Агәаҟра, арыцҳара иақәшәаз ауаҩы иҭагылазаашьа, иԥсҭазаара ауаҩ гәымбыл изеилкаауам, еиликааргьы – усс имаӡам.
Атәым жәхьа ахьа́ра (ачыргә) дууп. Ауаҩы зны-зынла (изакәызаалак) иара иитәым еиҳа еиӷьушәа ибоит, имоу аасҭа. Зхатә ҳаҭыр ззақәым, ауаа ртәы иахәаԥшуа, иашьҭоу изкуп ажәаԥҟа.
Ауаса мариала изауз "ламзааит" ҳәа дахәаԥшуан. Ауаҩы хә-мариала иауа зегьы уиаҟара ҳаҭыр изақәӡам. Дақәымгәыӷкәа, ихәҭам абзиара данақәшәалак, уи абзиара ахә изшьаӡом.
Аҳәа иашьҭоу аҳәаӷәырбжьы иаҳауеит. Ауаҩы дзышьҭоу, дзызҿлымҳау, иоурц ииҭаху абжьы иаҳазшәа ма ибазшәа игәы аныҟало маҷӡам.
Ацә ауӷә ӷас ишьҭнахуан, ауардын – уасы. Изызгәаатәу ззымдыруа, ахара зхараҵәҟьоу иакәымкәа, уиаҟара аара здым изгәаауа изы ирҳәоит.
Медведи вышли из спячки в парке флоры и фауны Роев ручей - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2024
"Амшә ашьҭа збази ахаҭа збази ҳәа": ахәҭаҷ "ҳәа" ала ихыркәшоу ажәаԥҟақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0