Габалыиа: "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алҵшәақәа иаадырԥшит - атуризм аҿиара аинтерес ду шамоу
14:03 22.10.2026 (ирҿыцуп: 21:36 22.10.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" актәи аамҭахәҭа алҵшәақәа иаадырԥшит ареспубликаҿы атуризм аҿиара аинтерес ду шамоу иҳәеит "Аԥсны акоманда" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Габалыиа, Sputnik имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны.
Актәи аицлабра иалахәын 1000-ҩык инареиҳаны, урҭ аинтерес зҵоу, аԥеиԥш змоу аидеиақәа ӡырыргеит. Аиааира ргеит 48-ҩык.
"Уи ҳасаб азуны, аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иӡбеит аицлабра " Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи аамҭахәҭа амҩаԥгара", — иҳәеит Габалыиа.
Аицлабра быжь-хырхарҭак: агастрономиатә туризм, ивент-гәырҿыхагақәа, атуристтә брендқәа, атуризм, адиджитал-маркетинг, амедицинатә туризм, аинклиузивтә туризм ирызку амедиа-проектқәа рыла апроектқәа аус рыдулара иазхиоу, зықәра наӡахьоу Аԥсны атәылауаа рзы иаартуп.
Азыҳәақәа рҭаҩреи рыдкылареи мҩаԥысуеит жьҭаара 8 инаркны абҵара 30 рҟынӡа. Аицлабратә зыҳәамҭақәа рынашьҭра алшоит абҵара 30 рҟынӡа. Апроектқәа ралԥшаара мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмзазы. Аицлабра афинал – 2027 шықәса, хәажәкырамзазы.