Гәдоуҭа араион ақыҭақәа хәба мышқәак ӡыда иҟазаауеит
14:42 22.10.2026 (ирҿыцуп: 21:36 22.10.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Гәдоуҭа араион ақыҭақәа хәба мышқәак ӡыда иҟазаауеит.
Уи зыдҳәалоу Дәрыԥшь ақыҭан аӡыҭгагаҿы аусурақәа рхыркәшареи ӡыла аиқәыршәара ацәаҳәа хадахь аиагареи роуп ҳәа аанацҳауеит араион ахадара.
Жьҭаара 27 рҟынӡа аамҭала ӡыда иаанхоит ақыҭақәа Џьырхәа, Мгәыӡырхәа, Абӷархықә, Ҟәланырхәа, Жәандәрыԥшь.
Дәрыԥшь аӡыҭгага ааха аиуит нанҳәа 27 рзы ақәаршҩы ӷәӷәақәа рышьҭахь, аӡымтҭҟьар алеира иахҟьаны. Ӡыда иаанханы иҟан быжь-қыҭаки Гәдоуҭа ақалақь аиҳараки.
Цәыббра 8 рзы ақыҭаҿы аамҭалатәи аӡымҩангага ашьҭаҵара хдыркәшеит.