Барцыци Литвинови Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рыла аҳәаа ахысра азҵаара иалацәажәеит
18:26 22.10.2026 (ирҿыцуп: 21:35 22.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рыла москватәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы аҳәаахьчаратә хылаԥшра ахысра азҵаара иалацәажәеит АдәА рминистр Олег Барцыци Урыстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Максим Литвинови.
Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыла Урыстәыла алалара ма алҵра мап анацәыркуа ахҭысқәа еиҳа-еиҳа ирацәахеит, абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Ус еиԥш ахҭысқәа азгәаҭоуп Москва аҳаирбаӷәазақәа рҿы,уи аан егьырҭ аҳәаахьчаратә ҭыԥқәа рҿы аиԥш зеиԥшу аҭагылазаашьақәа ҟамлаӡацт.
Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны ари азҵаара ирлас аҭышәныртәалара ишазҿлымҳау аадырԥшит аилацәажәара иалахәыз.