Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы ашәҟәы "Амшын Еиқәа иаԥну аерманцәа" иалацәажәеит
15:05 23.10.2026 (ирҿыцуп: 15:24 23.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысуаз аилатәараҿы ашәҟәы "Амшын Еиқәа иаԥну аерманцәа" иалацәажәеит.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа ихантәаҩрала имҩаԥысуаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа русқәа рзы Ахеилак аилатәара иалахәын Аԥсны АдәАр, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, АШәМ, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд, ареспублика аерман уаԥшь рхаҭарнакцәа.
Дара ргәаанагарала ашәҟәы "Амшын Еиқәа иаԥну аерманцәа" аԥсуа жәлар рзы ицәаԥҽыгоу аҳәамҭақәа ануп, иара убас еицакуп аԥсуаа рҭоурых.
Алахәылацәа иазгәарҭеит авторцәеи аҭыжьыҩцәеи иркьыԥхьуа аматериалқәа рзы рҭакԥхықәра, ааԥхьара ҟарҵеит аҭоурыхтә ҵабырги Аԥсны жәлари ҳаҭырла ирызнеирц.
Ахада ихаҭыԥуаҩ апрофильтә усбарҭақәа анапынҵа риҭеит, ари ашәҟәы аларҵәара алмыршаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргарц.