"Аҭынчра арежим" херсонтәи ахырхарҭаҿы иалагалахоит жьҭаара 27 ашьыжь асааҭ 4 инаркны
19:55 23.10.2026 (ирҿыцуп: 20:43 23.10.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. "Аҭынчра арежим" херсонтәи ахырхарҭаҿы иалагалахоит жьҭаара 27 ашьыжь асааҭ 4 инаркны ҳәа аанацҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Уи зыдҳәалоу Херсонтәи аобласт ақалақь Алиошка иахьаҵанакуа агуманитартә операциа амҩаԥгара ауп.
Ауааи аидарақәеи ршәарҭадаразы анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥгахоит, агуманитартә колонна аныҟәара алыршахоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы, Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Валери Герасимов.
Уаанӡа Аҩны шкәакәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан ЕАА жьҭаара 29 рзы амчра зауа аҭыԥантәи аибашьра аанкыларазы ишеиқәшаҳаҭхаз.
Урыстәыла ахада ихаҭарнак Дмитри Песков иазгәеиҭеит, урыстәылатәи ар афатәи ахәшәқәеи Алиошкаҟа раагара апроблема аӡбаразы ирылшо зегь шыҟарҵо, уи киевтәи арежим амчқәа зегьы рыла иаԥырхагахарц иаҿуп.