Очамчыра ахақәиҭтәразы ажәылараан иҭахаз агәыԥ "Дед" аибашьцәа ргәаладыршәеит
21:06 26.10.2026 (ирҿыцуп: 10:57 27.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 26 — Sputnik. Очамчыра ахақәиҭтәразы ажәылараан иҭахаз агәыԥ "Дед" аибашьцәа ргәаладыршәеит.
Ашәҭшьҭаҵара иалахәын араион анапхгара, аветеранцәа, ашколхәыҷқәа, иҭахаз рыуацәа, абри атәы аанацҳауеит Ochamchira_inform.
Ахьӡ-аԥша Амемориал аҿаԥхьа еиҿыркаан ажәылараан иҭахаз ибашьцәа рфотосахьақәа рыла еиҿкааз афотоцәыргақәҵа. Уи иацы Аҟәа ишьақәыргылан.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа хыркәшахеит Ачгәара ақыҭан, уаҟа еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит араион ахада Алхас Кациеи зыԥсы ҭоу агәыԥ алахәылацәеи.
Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы ажәылара иалахәын Борис Ԥачлиа напхгара зиҭоз агәыԥ "Дед", Нодар Какәбаа напхгара зиҭоз "Скорпион". 1992 шықәса жьҭаарамза 26 рзы аоперациа ианалага агәыԥқәа ирылшеит ҩ-ганк рыла ақалақь иалаланы амилициа ахыбра аанкылара. Аха амшын аҟынтә иззыԥшыз адесант анзыӡхымҵ, ихьаҵыр акәхеит. "Скорпион" аибашьцәа ақалақь иалахеит. "Дед" игәыԥ Аҽгәара азааигәара аӷа ихымца иақәшәеит.