Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥсуа бызшәа амш иазкны ааԥхьара ҟаиҵеит
09:19 27.10.2026 (ирҿыцуп: 10:51 27.10.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа амш ареспубликаҿы есышықәса иазгәарҭоит жьҭаара 27 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 27 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥсуа бызшәа амш иазкны ааԥхьара ҟаиҵеит.
Атәыла ахада иазгәаиҭеит аԥсуа бызшәа ҳмилаҭтә хаҿра асимвол хадақәа ишыруаку, ҳажәлар рҭоурыхтә ҭынха иузаҟәымҭхо ишадҳәалоу.
Атәыла ахада иазгәаиҭеит аԥсуа бызшәа ҳмилаҭтә хаҿра асимвол хадақәа ишыруаку, ҳажәлар рҭоурыхтә ҭынха иузаҟәымҭхо ишадҳәалоу.
"Аҵареи, аҳәынҭқарратә цхыраареи, атехнологиақәеи инарываргыланы иҟоуп акрызҵазкуа даҽа зҵаарак — ахатәы бызшәа аҳаҭыр ашьҭыхра. Ззанаҭ иазҟазоу, аҳәынҭқарратә бызшәа бзиан издыруа, зус аҿы зхы иазырхәо аспециалистцәа радыԥхьалара иазҿлымҳазароуп аусбарҭақәеи анаплакқәеи рнапхгаҩцәа. Аԥсуа ихатәы бызшәа анидыруа иџьаҳшьо ак акәымкәан ҳаԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоу норманы аҟаҵара хықәкыс иҳамазароуп", — аҳәоит анҵамҭаҿы.
Аԥсны аҳәынҭқарра Аконституциа инақәыршәаны аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәоуп. Ари ақьаад аҿы мацара ишьақәырӷәӷәоу конституциатә нормаӡам. Ари аҳәынҭқарреи ауаажәларреи есыҽнытәи рыԥсҭазаараҿы иаарԥшлатәу принципуп.
Аҳәынҭқарра ахада иаликааит абызшәа арҿиара знапы алаку аҵарауаа, афилологцәа, ашәҟәыҩҩцәа, арҵаҩцәа ирыду аҭакԥхықәра. Иҳәеит иахьа иҳамоу аҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхара адагьы, ишхадоу иманшәалоу арҵаратә аметодика ҿыцқәа раԥҵара.