Аԥсуа ҩыра ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа дыргәаладыршәеит Пицунда, апансионат "Литфонд" аҟны
17:48 27.10.2026 (ирҿыцуп: 18:18 27.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 27 рзы Аԥсны анхьынӡанаӡааӡо аԥсуа бызшәа амш азгәарҭоит.
АҞӘА, жьҭаара 27 — Sputnik. Аԥсуа ҩыра ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа дыргәаладыршәеит Пицунда иҟоу апансионат "Литфонд" аҟны.
Ашәҟәыҩҩы ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аусутә форум "Росатоми" жәларбжьаратәи ахәыҷтәы проектқәа рфестивальи рлахәылацәа.
Афестиваль актәи амш аҳәаақәа ирҭагӡаны "Литфонд" аҿы имҩаԥгахоит жәларбжьаратәи апроект "Ақәҿиара аҵакыра: Амода" аҿы аиааира згаз Аԥснытәи адизаинерцәеи амодельцәеи злахәыз амаҭәа аколлекциа афотоцәыргақәҵеи имодоу арбареи.
Даҽа модатә цәыргақәҵак мҩаԥгахоит жьҭаара 29 рзы Аҟәа, Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы. Аусмҩаԥгатәқәа рҭаара хәыдаԥсадоуп.