Афотоцәыргақәҵа "Ақәҿиара аҵакыра: аԥсабара иагәҭылакны" аатит Пицунда
18:13 27.10.2026 (ирҿыцуп: 18:34 27.10.2026)

© Sputnik / Леон Адлейба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 27 — Sputnik. Афотоцәыргақәҵа "Ақәҿиара аҵакыра: аԥсабара иагәҭылакны" аатит Пицунда, апансионат "Литфонд" аҟны.
Алахәылацәа Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аицлабратә лыԥшаара аҿы аиааира згаз 37-ҩык роуп. Рашәарамзазы урҭ аекологиатә форум иахәҭакхеит, ареспублика зегьы иахыкәшеит, аԥсабареи, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, архитектуреи рҭыхшьа рҵон.
Акорпоративтә функциақәа рзы "Росэнергоатом" адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбери Тҟьебучаа ахәыҷқәа раԥшьгарақәа рҿы адгылара рыҭара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.

"Зегь реиҳа ихадоу усуп урҭ апатриотизм, ҳҭоурых абзиабара рылааӡара. Урҭ арҿиара зықәнагоу уаауп", — иҳәеит иара.
Аконцерн арегионалтә политиказы адиректор Светлана Чурилова лажәақәа рыла, апроект ахы ыҵнахит 2017 шықәсазы, венгриатәи асахьаҭыхыҩи лареи русеицура ашьҭахь. Уажәы апроект рхы аладырхәхьеит хә-тәылак, Аԥсныгьы уахь иналаҵаны.
Аекспозициа, "Литфонд" аҿы ицәыргаз, иалалеит иреиӷьу 40 усумҭа. Аԥсны аҟнытә апроект аҿы аиааира ргеит Симона Сангәлиаԥҳа, Кристина Коцур, Камилла Маркариан, Злата Цагараева.