Урыстәыла аџьеи асоциалтә хьчареи рминистрра аделегациа Аԥсныҟа иааит
18:38 27.10.2026 (ирҿыцуп: 19:04 27.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 27 — Sputnik. Урыстәыла аџьеи асоциалтә хьчареи рминистрра аделегациа Аԥсныҟа иааит ҳәа аанацҳаит Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Урыстәылатәи аспециалистцәа Аԥсны атәылауаа асоциалтә маҵзурақәа рыҭара асистема ашьақәыргылара, арҿиара иацхраауеит.
Урҭ идикылеит ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков. Иара агәра ганы дыҟоуп аделегациа аҭаара атәылақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәоит, ареспублика ауааԥсыра рыдгыларазы алшара цҵақәа раԥҵара иацхраауеит ҳәа.
Цәыббрамзазы Урыстәыла аџьеи асоциалтә хьчареи рминистр Антон Котиакови Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистри асоциалтә усхк аҟны ҩ-ганктәи аинырра азҵаарақәа рылацәажәараз аилатащара мҩаԥыргеит.