https://sputnik-abkhazia.info/20261028/1066614946.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апроект "Абиԥара" иаҵанакуа афильмқәа раԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа, Ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы. Уи иалалеит збаҩхатәра зырҿио, атәыла аҿиараҿы злагала дуу Аԥсны... 28.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-28T13:01+0300
2026-10-28T13:01+0300
2026-10-28T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/1c/1066614780_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_a88718d837dfc3c906798f1a94c4abb6.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апроект "Абиԥара" иаҵанакуа афильмқәа раԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа, Ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы. Уи иалалеит збаҩхатәра зырҿио, атәыла аҿиараҿы злагала дуу Аԥсны ауааԥсыра қәыԥшцәа ирызку зметраж кьаҿу афильмқәа быжьба ҳәа аанацҳауеит Аспорт азы аҳәынҭеилакы. Афырхацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: адгьылқәаарыхыҩ Ахра Какалиа, асахьаҭыхыҩцәа Гарик Асланиани Арсоу Берзениеи, ажьи Шамиль Аппба, ашәаҳәаҩ Салима Саӷариаԥҳа, аҽыбӷаҟаза, ахыци ахәымпали рыла ахысыҩ Кира Ҭраԥшьԥҳа, аҵарауаҩ қәыԥш Валери Џьынџьал. Арежиссиор, аоператор — Амра Наҷҟьебиаԥҳа. Апроект нанагӡеит Аҿари аспорти русқәа рзы а ҳәынҭқарратә еилакы.
Аҟәа мҽхакыҭбаала ариаҵәара иалагеит ҳәа аанацҳаит аҳҭнықалақь ахадара. Еиҭарҳауеит аԥсаӡқәа, ираӡныԥсароу аевкалиптқәа, италиатәи амзаҵлақәа, афиникҵлақәа, акамфортә даԥқәа. Ари аҳҭнықалақь ауааԥсыра рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа аиқәыршәареи аԥҵареи рзы акомплекстә программа иаҵанакуеит. Ариаҵәара мҩаԥысуеит абиуџьеттә ԥарақәа рыла, иара убас амеценатцәеи, ақалақь аҩызцәеи, абизнес ахаҭарнакцәеи рҟынтәи алагалақәа рыла.
Ахәыҷтәы спорттә комплекс аадыртит Пицунда. Уи аконцерн "Росенергоатом" аҟынтәи ақалақь ҳамҭас иаиуит. Пицунда ахада инапынҵақәа назыгӡо Анри Багаҭелиа аилахәыра анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит ақалақь аҿиараҿы рлагалазы. "Иахьа ҳара баша акомплекс акәымкәа, агәырӷьареи, агәабзиареи, насыԥ змоу ахәыҷреи рзы иҿыцу аҭыԥ ааҳартуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа. Акорпоративтә функциақәа рзы "Росенергоатом" адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбери Тҟьебучаа иазгәеиҭеит аконцерн асеиԥш иҟоу асоциалтә акциақәа Аԥсны уажәадагьы ишымҩаԥнагахьоу. Иара иҳәеит ареспублика ашколқәа рҿы атомтә классқәа жәба шаарту, атәыла Аҵара аминистрреи Аҳәынҭспорти аус шрыцыруа.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра астатистика излаҳәо ала, атәылаҿы апаллиативтә цхыраара зҭаху 250-ҩык ыҟоуп ҳәа арадио Sputnik аҟны лҳәеит Ахәыҷы изинқәа рыхьчараз азинмч змоу Мактина Џьынџьалԥҳа. Убри аан лара иазгәалҭеит, урҭ рахьынтә 24-ҩык зықәара намӡац аҿар шракәу. Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, урҭ реиҳараҩык Гали Очамчыреи рраионқәа руааԥсыра роуп. "Атәылаҿы апаллиативтә цхырааразы амариторинг мҩаԥырымгеижьҭеи акрааҵуеит. Убри аҟынтә, агәабзиарахьчара аминистрра иаҳнарбо астатистика аусаҿ даҽа рбагақәак аанарԥшыр алшоит", — лҳәеит лара.
Апроект "Абиԥара" иаҵанакуа афильмқәа раԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа, Ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы. Уи иалалеит збаҩхатәра зырҿио, атәыла аҿиараҿы злагала дуу Аԥсны ауааԥсыра қәыԥшцәа ирызку зметраж кьаҿу афильмқәа быжьба ҳәа аанацҳауеит Аспорт азы аҳәынҭеилакы. Афырхацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: адгьылқәаарыхыҩ Ахра Какалиа, асахьаҭыхыҩцәа Гарик Асланиани Арсоу Берзениеи, ажьи Шамиль Аппба, ашәаҳәаҩ Салима Саӷариаԥҳа, аҽыбӷаҟаза, ахыци ахәымпали рыла ахысыҩ Кира Ҭраԥшьԥҳа, аҵарауаҩ қәыԥш Валери Џьынџьал. Арежиссиор, аоператор — Амра Наҷҟьебиаԥҳа. Апроект нанагӡеит Аҿари аспорти русқәа рзы а ҳәынҭқарратә еилакы. Аҟәа мҽхакыҭбаала ариаҵәара иалагеит ҳәа аанацҳаит аҳҭнықалақь ахадара. Еиҭарҳауеит аԥсаӡқәа, ираӡныԥсароу аевкалиптқәа, италиатәи амзаҵлақәа, афиникҵлақәа, акамфортә даԥқәа. Ари аҳҭнықалақь ауааԥсыра рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа аиқәыршәареи аԥҵареи рзы акомплекстә программа иаҵанакуеит. Ариаҵәара мҩаԥысуеит абиуџьеттә ԥарақәа рыла, иара убас амеценатцәеи, ақалақь аҩызцәеи, абизнес ахаҭарнакцәеи рҟынтәи алагалақәа рыла. Ахәыҷтәы спорттә комплекс аадыртит Пицунда. Уи аконцерн "Росенергоатом" аҟынтәи ақалақь ҳамҭас иаиуит. Пицунда ахада инапынҵақәа назыгӡо Анри Багаҭелиа аилахәыра анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит ақалақь аҿиараҿы рлагалазы. "Иахьа ҳара баша акомплекс акәымкәа, агәырӷьареи, агәабзиареи, насыԥ змоу ахәыҷреи рзы иҿыцу аҭыԥ ааҳартуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа. Акорпоративтә функциақәа рзы "Росенергоатом" адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбери Тҟьебучаа иазгәеиҭеит аконцерн асеиԥш иҟоу асоциалтә акциақәа Аԥсны уажәадагьы ишымҩаԥнагахьоу. Иара иҳәеит ареспублика ашколқәа рҿы атомтә классқәа жәба шаарту, атәыла Аҵара аминистрреи Аҳәынҭспорти аус шрыцыруа. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра астатистика излаҳәо ала, атәылаҿы апаллиативтә цхыраара зҭаху 250-ҩык ыҟоуп ҳәа арадио Sputnik аҟны лҳәеит Ахәыҷы изинқәа рыхьчараз азинмч змоу Мактина Џьынџьалԥҳа. Убри аан лара иазгәалҭеит, урҭ рахьынтә 24-ҩык зықәара намӡац аҿар шракәу. Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, урҭ реиҳараҩык Гали Очамчыреи рраионқәа руааԥсыра роуп. "Атәылаҿы апаллиативтә цхырааразы амариторинг мҩаԥырымгеижьҭеи акрааҵуеит. Убри аҟынтә, агәабзиарахьчара аминистрра иаҳнарбо астатистика аусаҿ даҽа рбагақәак аанарԥшыр алшоит", — лҳәеит лара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/1c/1066614780_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_52bb371e696aed13307c4f09062e4137.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио