00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акиносезон ианасакьаҳәымҭоу…

© Foto / Съемочная команда "А-Иневестор"Съемки фильма "А-Иневестор"
Съемки фильма А-Иневестор - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2026
Анапаҵаҩра
Аԥсны акино аҭыхразы зеиӷьыҟам ҭыԥуп рҳәоит акинорежиссиорцәа. Ашықәс зегьы иаарту павелионуп уҳәар ауеит, аҳауа аԥхарреи аԥсабара ссири урызхәыцны.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиҵагылеит аԥсуа киноҭыхҩцәа, иара убас ҳтәылаҿы Урыстәылатәи акиностиудиақәагьы аҭыхрақәа анымҩаԥырго ыҟоуп. Уи зеиӷьыҟам ҭагылазаашьоуп аԥсуа актиорцәа рзынгьы, избанзар, аҭыхыҩцәа зегь акоуп апрофессионалтә актиорцәа ирызхьаԥшуеит, ииашоуп, иактиорцәамгьы адрыԥхьалоит русумҭа аха. Ииасыз аԥхыни ҽаҩраҭагалани акино аԥсҭазаара еилашуеит ҳҳәар ауеит Аԥсны. Аԥсуа режисссиор Инар Нарманиа иҭыхны далгеит Олег Етлухов ироман "Абхазское вино" иалху ифильм. Уажәы ицоит ҩ-фильмк рҭыхрақәа. Наур Гармелиа иакәзар, ихатәы сценари ала иҭихуеит "Что мне за это будет" захьӡу аромантикатә драма.
Гармелиа еиҭеиҳәеит афильм Аҵыхәтәантәи ахәԥса афестиваль алахәхара атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2025
Аԥсны
Гармелиа еиҭеиҳәеит афильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" афестиваль алахәхара атәы
Аҩбатәи, арежиссиор Ҭемраз Ҭаниа иҭихуеит асериал "А-Инвестор". Иахьынӡаздыруа аҭыхрақәа ирылагоит "Абхазские каникулы" захьӡу асериалгьы (арежиссиор Дмитри Власкин). Акино аҿы аԥышәа исымоу рацәам, аибашьра ашьҭахь Софа Агәмааԥҳа Миха Лакрба иновеллақәа рыла иаԥылҵаз асценари ала, арежиссиор Амиран Гамгиа иҭихыз "Абасгьы ҟалахьеит", "Ҩ-шәык" рҿы сыҽҭысххьан ҳамҳәозар. Уи машәыршәа иҟалеит. Усҟан ателехәаԥшраҿы аус зуан, иҭырхраны иҟаз актриса даартә алшара лмоуит азын, Амиран Гамгиа исыдигалеит иаалырҟьан, забхәа имацәажәоз, аха нас "иааҭзырҟьаз" аԥҳәыс лроль сыхәмарырц. Софагьы дақәшаҳаҭхан, сыргеит Дәрыԥшьҟа акино аҿы сыхәмарырц. Уаҟа абхәа ироль наигӡон Хәыта Џьапуа. Абас иҟан раԥхьатәи сԥышәа. Амҩа ҳақәнаҵы схәыцуан, исыхәмаруаз аԥҳәыс дзеиԥшразар акәуи ҳәа. Иаасгәалашәеит, ҳқыҭаҿы занхәа дықәзмыргылоз ԥҳәыск лхаҿсахьа. Убри схы иархәаны инасыгӡеит забхәа иааҭырҟьаны ацҳәа иазҳәаз аҭаца лроль. Ари зысгәалашәо, сԥышәа рацәам ҳәа ауп исҳәарц исҭаху. Нас, "Однажды В Абхазии" захьӡу асериал аҿы сыхәмарит аепизод - ашкол адиректор лроль. Иара убас, Нарманиа сынтәа иҭихуаз "Абхазское вино" аҿы аепизод маҷ сыман. Аха, зегь акоуп, акино амаӡақәа рзы сышмаџьаноу сӡом.
© Foto / Съемочная команда "А-Иневестор"Съемки фильма "А-Иневестор"
Съемки фильма А-Иневестор - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2026
Съемки фильма "А-Иневестор"
Атеатри акинои злеиԥшым убри ауп – атеатр аҿы еиԥкааны аспектакль аус адаҳулоит, акино аҿы, арежиссиор аҵыхәтәантәи асценақәа рыла аҭыхра далагаргьы ауеит. Акино аԥсҭазаара еиҳа иазааигәоуп, акамера аҿаԥхьа атеатртә емоциақәа ззырҳәо уамак иаҭахым. Сынтәа исқәашьхеит Ҭемраз Ҭаниа иҭихуа асериақәа ааба раҟара зауа "А- Инвестор" аҿы аҽҭыхра. Араҟа дырҩагьых ашкол адиректор лроль сыхәмаруеит, аха уи уаанӡатәи длеиԥшым, уажәтәи Мадонна Аркади-иԥҳа ҩ-хаҿсахьак зыԥсабара иҭазыгӡо ԥҳәысуп, насгьы ароль иагьмаҷым, еиуиеԥшым аҭыԥқәа рҿы еиуиеԥшым ахҭысқәа цәырҵуеит. Асериал аҭыхрақәа ирылахәуп ауаа рацәа, даара идуу командоуп ҳҳәар ауеит. Аҭыԥантәи актиорцәеи аспециалистцәеи реиԥш, урыстәылатәиқәагьы ааԥхьара рымоуп. Ажәакала, аҭыхрақәа рҿы исԥылоит еиуеиԥшым арҿиартә хаҿсахьақәа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы аҭыхрақәа рҿы иҟоуп алеишәа. Дасу дзызку иус ианаамҭоу иҟаиҵароуп.
© Foto / Съемочная команда "А-Иневестор"Съемки фильма "А-Иневестор"
Съемки фильма А-Иневестор - Sputnik Аҧсны
1/2
Съемки фильма "А-Иневестор"
© Foto / Съемочная команда "А-Иневестор"Съемки фильма "А-Иневестор"
Съемки фильма А-Иневестор - Sputnik Аҧсны
2/2
Съемки фильма "А-Иневестор"
1/2
Съемки фильма "А-Иневестор"
2/2
Съемки фильма "А-Иневестор"
Арежиссиор Ҭемраз Ҭаниа агәызианра знубаало уаҩызаргьы, аусураҿы уи инаваргыланы алеишәа ҷыда ааирԥшуеит. Иазгәасҭарц сҭахуп, асериал аҭыхрақәа рҿы актиор ироли итексти инарҷыданы даҽа хыхьк шимам, ушнеилакгьы агримҟаҵаҩцәа, ашәҵатәы асхьаҭыхҩы, еиуеиԥшым ацхырааҩцәа урыдыркылоит. Урҭ уаздырхиоит иухәмаруа ароль. Даара ухы ду беиа иубо уааҟарҵоит, асҟаҩык ауаа анудгьежьыло. Арежиссиор иакәзар, асцена аҭыхра аамҭа анааилакгьы, жәҩанынтә аеҵә лбаазшәоуп аԥсшәа шуеиҳәо. Далыскаарц сҭахуп аоператор- ақәыргылаҩ Александр Мелкумов. Сара ишызбо ала, уи арежиссиор дааидҩыло аус иуеит. Иара иоуп акомандақәа рызҭо аоператорцәа, зны-зынла актиорцәа.
© Foto / Съемочная команда "А-Иневестор"Съемки фильма "А-Иневестор"
Съемки фильма А-Иневестор - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2026
Съемки фильма "А-Иневестор"
Аҭыхрақәа рҿы иазгәаҭоуп актиор дахьынхо аҭыԥ, урҭ апартаментқәа рҿы актиор иҽеиҭеикуеит, иԥсы ишьоит, ироль иҽазыҟаиҵоит. Даара бзиа избоит шьыбжьхьафара шеиҿкаау. Уи аамҭазы зегьы алаф еибыҳәо какал ркуеит. Афатә ицәырыго аҩынтәи еицәам. Исыхәмаруа ароль закәу аҭыхрақәа ԥыҭк ианықәла ауп ианеилыскаа ҳәа схы сахлафаауеит, аха аиашагьы иазааигәоуп. Ахәаԥшҩы акино аҿы иибо епизодк аҭыхра, иадхалар ҟалоит ҩ-сааҭкгьы. Ус иҟоуп, избанзар адубльқәа рацәоуп, иҟоуп азеиԥш кадрқәа, иҟоуп ахаҿқәа аӡәаӡәала ианҭырхуа уҳәа, даара аџьабаа зцу рҿиаратә усуп акино аҭыхра. Аҭыхрақәа рҿы иҟоуп узырлахҿыхуа ахҭысқәагьы. Сара сроль аҿы адиректор илҿакуп "Я заслуженный педагог Республики" ҳәа. Ҽнак, адубльқәа ҭыхуа ҳашнеиуаз, ахыркәшамҭаз "Я заслуженный журналист" аасҿыҵҟьеит. Иарлахҿыхит, сара сзышьцыланы сыҟоу азаанҭ аӡбахә анцәырызга. Уажәы аҳәара сцәыуадаҩуп инасыгӡо ароль шыҟалша, аха арежиссиор сгәы ҟаиҵоит ибзиаӡоушәа. Аабыкьа иазгәаҳҭеит аҭыхрақәа рекватор, даҽакала иаҳҳәозар, асериал азыбжак ҭыхуп. Абҵарамза анҵәамҭанӡа ицалоит аҭыхрақәа, саргьы даҽа хәымш рҟынӡа сроль ахәҭақәа насыгӡароуп. Даара сеигәыӷуеит асериал бзиахап ҳәа, араҟа алафи адрамеи еилоуп (драмеди), асиужет амаӡақәа аасыртуам, аха иахьеи уахеи иҳаҳауа, иаҳбо аҭоурыхқәа ирызкуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0