Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Москва имҩаԥысуаз V аконгресс иалахәын
09:53 03.11.2026 (ирҿыцуп: 10:44 03.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 3— Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Москва имҩаԥысуаз V аконгресс "Амилаҭтә гәабзиарахьчара" иалахәын.
Аминистр Асҭамыр Гәниа аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны дырԥылеит Таџьикисҭан, Ҟарачы-Черқьесиа, Ставропольтәи атәылаҿацә рҟынтәи агәабзиарахьчара аминистрцәа ҳәа аанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ирылацәажәан ҩ-ганктәи аусеицура, амедицинатә цхыраара аиҿкаара аусхк аҟны аԥышәа аимдара, акадрқәа рзанааҭтә дырра аизырҳара, ацифратә ӡбамҭақәа ралагалара уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа.
Аконгресс мҩаԥысуеит абҵара 2-3 рзы. Аусутә программа еиднакылоит ф-хырхарҭак: "Аҭаацәеи ԥхьаҟатәи абиԥарақәеи ргәабзиара", "Агәабзиарахьчара асистема аресурсқәа напхгарарыҭара", "Ауаа ргәабзиаразы атехнологиа ҿыцқәа", "Азыԥхьагәаҭара", "Амедицинатә цхыраара марианы аиуреи аиҿкаареи", "Амедицинатә цхыраара ахаҭабзиареи ашәарҭадареи".

Аԥсны ахаҭарнакцәа аусмҩаԥгатә иалахәуп Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иааԥхьарала.