Украинатәи адронқәа аҵыхәтәантәи 9 мзы рыҩнуҵҟа акырынтә Аԥсны аҳәаа еиларгахьеит
11:11 03.11.2026 (ирҿыцуп: 13:04 03.11.2026)

© Foto / Таможенный комитет РА
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 3— Sputnik. Украинатәи адронқәа аҵыхәтәантәи 9 мзы рыҩнуҵҟа акырынтә Аԥсны аҳәаа еиларгахьеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов.
Иара иажәақәа рыла, иахатәи аҵх ҭынч машәырда имҩаԥысит.
Украинатәи Арбџьа мчқәа Шәача иажәларц рҽаназыршәо, уахи-ҽни аус зуа агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" ала аныҟәара ааныркылоит. Аҳәаахьчаратә маҵзурақәеи азинхьчаҩцәеи атәылауаа ршәарҭадара аиҿкааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит ҳәа иҳәеит Латипов.
Иара убас, зыҟны апассаџьырцәа рныҟәара еизҳауа аинфраструктура — аихамҩеи аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи ршәарҭадара аиҿкааразы аусура мҩаԥыргоит.