Арԥыс еиҿамс, агәымшәа даазырԥшуа афразеологизмқәа
13:52 03.11.2026 (ирҿыцуп: 14:06 03.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Арԥыс еиҿамс, агәымшәа даазырԥшуа афразеологизмқәа
• Ахҿа дацнеиуеит.
• Ахы дацҭҟьоит.
• Амца дацгылоит.
• Амцаԥшь даҩызоуп.
• А́ҳәа гыла дазнеиуеит.
• Аӷа иаҳәа ирбыруеит.
• Ахыкәалаа зихьымӡо дласуп.
• Ашәақь (ахы) дузаҿакуам.
• Ахы иӷроуп.
• Афы ицырҟьоит.
• Афҭҟьа даҩызоуп.
• Аԥша икәадыруеит.
• Ахьшьыцба амахә иқәԥраанӡа дамҵасны икуеит.
Аԥҳәызба еиҿамс илызку:
[(акы, аха ишьахәуп)]
• Аҽхыбаҩ лы́ркьыкьуеит
#асинонимқәа
Ахыҵхырҭа: В. А. Касланӡиа. Аԥсуа бызшәа афразеологиатә жәар; асахьаркыратә литература